Аҭоурых адаҟьақәа: Асовет мчра шьақәгылеижьҭеи шәышықәса ҵит

Sputnik

1921 шықәсанӡа Аԥсны аҵакырадгьыл Қырҭтәыла иампыҵахаланы иҟан уҳәар ауеит. 1921 шықәса, март 4 рзы Аԥсны асовет мчра шьақәгылеит. Абольшевикцәа (зхадараҿы Нестор Лакоба дгылаз) рааира ажәлар ирыдыркылеит ақырҭуа оккупантцәа рҟынтә ахақәиҭра аҳасабала. Аԥсны Советтә Социалисттә Республиканы рылаҳәан. 1925 шықәса рзы ирыдкылан Аԥснытәи ССР раԥхьатәи Аконституциа. Уи инақәыршәаны Аԥсны исуверентәу ҳәынҭқарраны ишьан.

1931 шықәса, жәабран 19 рзы Аԥсны мчыла Қырҭтәылатәи ССР иадҵан, автономтә республика астатус аманы. Ари аӡбара ҳтәыла аҭоурых аҿы илахьеиқәҵагоу даҽа даҟьак аанартит. 1937 шықәса инаркны иалагеит ҳҭоурых аҿы иуадаҩӡаз аамҭа: аԥсуаа милаҭк раҳасабала иҵызшәаауаз аусмҩаԥгатәқәа реиҳарак убасҟан имҩаԥысуан, иреиӷьыз Аԥсны аҵеицәа рырӡра, аԥсуа школқәа раркра, аԥсшәа аҳәара азин аҟамзаара – абарҭқәа зегьы ирхысыр акәхеит аԥсуа жәлар.

Жәашықәсала Аԥсны иахаԥаны иҟаз ақырҭуатәра аполитика иахҟьаны атәылаҿы иҿиеит амилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара.

Асовет аамҭазы Аԥсны иаԥҵан еиуеиԥшымыз аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәа, аинститутқәа, ателехәаԥшра, асовнхарақәа, аҵараиурҭақәа. Урҭ рышьаҭала иахьагьы аус зуа аусбарҭақәа рацәоуп.

1 / 24
Аԥснытәи АССР. Асубтропикатә нхамҩазы ақырҭуа институт. Астудентцәа амандаринақәа рплантациаҿы.
2 / 24
Аԥснытәи АССР. Аԥсуа телехәаԥшра адиктор Емма Адлеиԥҳа аефир ашьҭахь.
3 / 24
Қырҭтәылатәи ССР. Аԥсуа археолог, апрофессор Михаил Мамед-иԥа Ҭраԥшь иҭиҵаауеит Аҟәатәи ашьхаҿы иԥшааз ажәытә бзазаратә маҭәарқәа.
4 / 24
Ачаиҭра аиҳабы, СССР Аҳәынҭпремиа алауреат (1978 ш.) Оҭари Минаӡе Гал араион Аҽгәаратәи асовхоз-техникум абригада дрыцны.
5 / 24
СССР Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Гагратәи аоранжереиа аҭҵаарадырратә усзуҩ апапаииа дахәаԥшуеит.
6 / 24
Аԥснытәи АССР. Афилололгиатә ҭҵаарадыррақәа рлоктор Хәыхәыт Соломон-иԥа Бӷажәбеи (арӷьарахь) ашкол адиректор А. Кациеи еицәажәоит.
7 / 24
Зураб Вианор-иԥа Анчабаӡе (1920-1984), асовет ҵарауаҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет раԥхьатәи аректор, СССР Иреиҳаӡоу Ахеилак 9 ааԥхьара Амилаҭқәа рхеилак адепутат (1974—1979).
8 / 24
Аԥснытәи АССР. Гәылрыԥшь араион аҿы иҟоу Шакурантәи аҳаԥы. Аспелеолог аҳаԥы аӡаҵаҟатәи ахәҭа ҭиҵаауеит.
9 / 24
Аԥснытәи АССР. Асубтропикатә нхамҩазы ақырҭуа институт. Аинститут аректор Наполеон Иракли-иԥа Каркашаӡеи астуднетка Лана Лолуаԥҳаи.
10 / 24
Қырҭтәылатәи ССР. Тҟәарчалтәи арацәа ашахта №2 ашахтиорцәа рымшԥҵәа ашьҭахь.
11 / 24
Аԥснытәи АССР. Аԥсны инхо Нуца Абаш (арӷьарахь) лабшьҭра африкатәиуп. Уи лҩыза длыцны Аҟәа аԥшаҳәаҿы днеиааиуеит.
12 / 24
Аԥсны АССР. Гәдоуҭа араион аколхоз "Дәрыԥшь". Ачаи плантациа далагылоуп Аԥсны АССР Иреиҳау Асовет адепутат Нора Гьаргь-иԥҳа Сақаниа (агәҭа игылоу).
13 / 24
Артисты Национального балета Республики Дагомеи и Государственного ансамбля песни и танца Абхазской АССР.
14 / 24
Сотрудники института экспериментальной патологии и терапии Академии медицинских наук СССР проводят подготовку обезьян к пребыванию в специальном устройстве, ограничивающем подвижность животного.
15 / 24
Абхазская АССР. Первый секретарь Абхазского обкома КП Грузии Борис Викторович Адлейба (1931-1990 гг).
16 / 24
69 шықәса зхыҵуа арҵаҩы Ражден Ҷантуриа Аԥснынтәи Белоруссиаҟа шьапыла днеит СССР ашьақәгылара 60 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы. Ашҭа Ҟаԥшь.
17 / 24
Аԥснытәи АССР Гәдоуҭа араион асовнхарақәа руак аҿы аҭаҭын аизгараан.
18 / 24
Аԥснытәи АССР. Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Хәыхәыт Соломон-иԥа Бӷажәба иԥа, археолог, аҭоурыхҭҵааҩ (иахьа аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик) Олег Хәыхәыт-иԥа Бӷажәба.
19 / 24
Британиа дунтәи иааз аҿагыларатә акциақәа ҟаҵаны зусура аанызкылаз ашьхаусзуҩцәа рҭаацәарақәа СССР апрофхеидкылақәа рааԥхьарала Аԥснытәи АССР аԥсшьарҭаҩнқәа руак аҿы рыԥсы ршьоит.
20 / 24
Қырҭтәылатәи ССР Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәыз Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариа.
21 / 24
Аԥснытәи АССР. Аҟәа Ақалақьтә библиотека хада (уажәы И.Г. Папасқьыр ихьӡ зху Аԥснытәи Амилаҭтә библиотека).
22 / 24
Аԥснытәи АССР Наҳар акаҵәараҿы афымцацәаҳәақәа рыргылараҿы аус зуаз авертолиот МИ-8 аекипаж (армарахьтә арӷьарахь): акомандаҟаҵаҩ Анатоли Шаповалов, аԥырҩы-аԥышәаҩ Анатоли Носаль, абортнџьныр-аԥышәаҩ Николаи Сорокалиотов.
23 / 24
Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Ахеилак Апрезидиум ахантәаҩы Андреи Максим-иԥа Ҷоҷуа (1879 - 1965 шш.).
24 / 24
Генеральный секретарь ЦК КПСС Леонид Ильич Брежнев (в центре) и президент Французской Республики Жорж Помпиду (слева третий) во время переговоров в Пицунде.