1921 шықәсанӡа Аԥсны аҵакырадгьыл Қырҭтәыла иампыҵахаланы иҟан уҳәар ауеит. 1921 шықәса, март 4 рзы Аԥсны асовет мчра шьақәгылеит. Абольшевикцәа (зхадараҿы Нестор Лакоба дгылаз) рааира ажәлар ирыдыркылеит ақырҭуа оккупантцәа рҟынтә ахақәиҭра аҳасабала. Аԥсны Советтә Социалисттә Республиканы рылаҳәан. 1925 шықәса рзы ирыдкылан Аԥснытәи ССР раԥхьатәи Аконституциа. Уи инақәыршәаны Аԥсны исуверентәу ҳәынҭқарраны ишьан.
1931 шықәса, жәабран 19 рзы Аԥсны мчыла Қырҭтәылатәи ССР иадҵан, автономтә республика астатус аманы. Ари аӡбара ҳтәыла аҭоурых аҿы илахьеиқәҵагоу даҽа даҟьак аанартит. 1937 шықәса инаркны иалагеит ҳҭоурых аҿы иуадаҩӡаз аамҭа: аԥсуаа милаҭк раҳасабала иҵызшәаауаз аусмҩаԥгатәқәа реиҳарак убасҟан имҩаԥысуан, иреиӷьыз Аԥсны аҵеицәа рырӡра, аԥсуа школқәа раркра, аԥсшәа аҳәара азин аҟамзаара – абарҭқәа зегьы ирхысыр акәхеит аԥсуа жәлар.
Жәашықәсала Аԥсны иахаԥаны иҟаз ақырҭуатәра аполитика иахҟьаны атәылаҿы иҿиеит амилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара.
Асовет аамҭазы Аԥсны иаԥҵан еиуеиԥшымыз аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәа, аинститутқәа, ателехәаԥшра, асовнхарақәа, аҵараиурҭақәа. Урҭ рышьаҭала иахьагьы аус зуа аусбарҭақәа рацәоуп.