Урыстәыла шықәсык аҩнуҵҟа 45 криминал авторитет аҭакԥхықәра иаҵадыргылеит

Ииасыз ашықәс азы Урыстәыла аполициа иаԥдырҟәҟәааит еиҿкаау абандгәыԥқәа рлахәылацәа жәанызқьҩык рҟынӡа рыцәгьоурақәа.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 4 - Sputnik. Урыстәыла 2020 шықәса аҩныҵҟа 45 криминал авторитет аҭакԥхықәра иаҵадыргылеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Урыстәыла ААР аиҳабы Владимир Колокольцев иҳәамҭа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

"Ашьауӷатә ҭакԥхықәра иреиҳау ацәгьоуратә ерархиа иатәу 45 хаҿ аҵаркуп. Урҭ рҟынтәи ааҩык Урыстәыла аҵакыра иалцоуп", - иҳәеит Колокольцев 2020 шықәсазтәи аҳасабырбатә еилатәараҿы.

Ахәҭаҷ 210.1 "Иреиҳау ацәгьоуратә ерархиа иатәу " Урыстәыла АЗ аҟны ицәырҵит 2019 шықәсазы. Иара убри ашықәс азы Томск абри ахәҭаҷ даҵаркын аҭыԥантәи акриминалтә авторитет.

Иреиҳау ацәгьоуратә ерархиа иатәу ахаҿы 8-15 шықәса ихақәиҭра далхәыдатәхар ҟалоит, хә-миллион мааҭ ахараԥса ацҵаны. Аҭакԥхықәра иаҵугар рылшоит уаанӡатәи ацәгьоуцәа, аусҭҵаара ацхыраара азҭаз.