Арадио

Аҩӡба ахысратә клуб азы: аԥсшьаҩцәа рыҩныҵҟагьы акыр азҿлымҳара амоуп

Аҟәа араион аҿы иҟоу "Аԥсуа хысратә клуб" ашәарҭадаратә маҵзура аиҳабы Алиас Аҩӡба арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит апандемиа аамҭаз аклуб аусура атәы, насгьы уи азҿлымҳара ахьынӡамоу аҭыԥантәи ауааԥсыра рҟынтә еиԥш аԥсшьаҩцәа рыбжьарагьы.
Sputnik
Аҩӡба ахысратә клуб азы: аԥсшьаҩцәа рыҩныҵҟагьы акыр азҿлымҳара амоуп

"Ҳаклуб иамоуп алшарақәа иҟоу аԥкрақәа инарықәыршәаны аусура. Арахь иааиуа рхыԥхьаӡара рацәоуп, Аԥсны инхо реиԥш, иара убас ҳаклуб акыр азҿлымҳара амоуп аԥсшьаҩцәа рыҩныҵҟагьы. Аӡыргара ыҟоуп атәыла анҭыҵгьы. Аимадарақәа ҳамоуп аԥсшьара еиҿызкаауа аекскурсиатә фирмақәеи ҳареи, убри аҟнытә иаҭаауа аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡарагьы маҷӡам. Аӡынтәи аамҭаз аклуб аҭааҩцәа маҷхеит, аха зынӡа усурада ҳаанхаӡом. Арахь иааиуеит "ахысыҩцәа" еиуеиԥшым акатегориала, иҟоуп абџьар ибзианы зхы иазырхо реиԥш, раԥхьаӡа акәны знапаҟны изкуагьы", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аҩӡба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.