Арадио

Какалиаԥҳа: ашәҭқәа "срылатәоуп", аха ҳамҭас иансырҭо бзиа избоит

Ашәҭҿаҳәарақәа еиқәзыршәо Елита Какалиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит сынтәа ҳтәыла ауааԥсыра иарбан шәҭқәоу иаҳа азҿлымҳара зырҭо.
Sputnik
Какалиаԥҳа: ашәҭқәа "срылатәоуп", аха ҳамҭас иансырҭо бзиа избоит

"Анкьа агәилқәа иаҳа азҿлымҳара арҭозҭгьы, уажәы атиульпанқәа алырхуеит. Доусы иигәаԥхо аԥшшәы иоур илшоит. Апандемиа ҟалаанӡа ари аныҳәамш азы 300-400 шәҭҿаҳәара еизаҳгар ҳалшон, сынтәа иаҿазҵо маҷхеит, ирышло ала иахәаԥшуеит. Уаанӡа ашәҭ аналырхуаз хкык ала еизыргон, уажәы - еидукылар ауеит еиуеиԥшым ԥшшәыла. Зегьы еидкылан ақьаад ԥшӡа анаакәуршалак даара ибзиахоит, ус еиԥш иҟоу ашәҭқәа иаҳа азҿлымҳара амоуп уажәы. Сара иаҳа сконсервативтәуп азы "моно" ҳәа изышьҭоу, ԥшшәык ала еиқәыршәоу бзиа избоит, аха ауаа "микс" ҳәа ззырҳәо алырхуеит". – ҳәа еиҭалҳәеит Какалиаԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.