Арадио

Актриса Агәмааԥҳа: аԥхьа исоуаз ашәҭқәа еснагь схатә ҩыза иҟынтә акәын

Хәажәкыра 8 - аҳәса Жәларбжьаратәи рымш ныҳәоуп. Сыԥсҭазаараҿы разҟны исыман схатә ҩыза еилкаарыла сусуреи сзанааҭи дахьазнеиуаз, абри атәы лҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны Аԥсны Жәлар рартистка Софа Агәмааԥҳа.
Sputnik
Актриса Агәмааԥҳа: аԥхьа исоуаз ашәҭқәа еснагь схатә ҩыза иҟынтә акәын

"Сыԥсҭазаараҿы разҟны исоуит аҭаацәараҟны аилибакаара, уи иара иганахьала иҟан, сара сганахьалагьы. Ирымҳәалои аихыбаара ҟалалоит ҳәа, ҳаҩнаҭаҟны иҟамызт. Уи иаргьы иџьшьоуп, саргьы", - лҳәеит Софа Агәмааԥҳа.

Аԥсны Жәлар рартистка иазгәалҭеит асценаҟны лықәгылара ашьҭахь раԥхьатәи ашәҭқәа лхатә ҩыза Виктор Џьниа (Абаза) иҟынтәи ишлоуаз, лзанааҭ акәымызҭгьы еинасыԥымхаргьы ауан ҳәа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.