Арадио

Ашәба еиҭеиҳәеит аԥсыӡтә зауадқәа ироуз аиҵахарақәа зыхҟьаз

Очамчыра иҟоу аԥсыӡтә зауад "Хамса" аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ашәба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит сынтәа шаҟа нызқь тонна акамшьиа акра азгәарҭози, ироуз аиҵахарақәа зыхҟьази ртәы.
Sputnik
Ашәба еиҭеиҳәеит аԥсыӡтә зауадқәа ироуз аиҵахарақәа зыхҟьаз

Аԥсны акамшьиа акра иалагоит ԥхынҷкәынмзазы, ихдыркәшоит жәабран-хәажәкыра амзақәа рзы. 2020-2021 шықәсқәа рзы Аԥсны азин ыҟоуп 42 тонна рҟынӡа акамшьиа акра.

"Иахьазы аԥсыӡкраҟны ахьысҳарақәа ыҟоуп. Ҵыԥх 7 нызқь тонна инеиҳаны иаҳкит, сынтәа акәзар 1300 тонна роуп иаҳкхьоу, уи даара имаҷуп. Ҳара заанаҵы азауад аҟны аусурақәа мҩаԥаагеит, иаҭахыз амаҭәахәқәа рыла ҳҽеиқәҳаршәеит, аха ҳаззыԥшыз аԥсыӡ ахыԥхьаӡара ҟамлеит. Ҳгәы каҳажьӡом, игәаҳҭап ҽааны ишыҟало", - иҳәеит Ашәба.

Аԥсны аԥсыӡтә зауадқәа ааба ыҟоуп. Ашәба иажәақәа рыла аԥсыӡкразы иҟоу аквотақәа ақыҭанхамҩа аминистрраҟны ирзеихыршеит 5-5 нызқь тонна. Аԥсыӡкразы азин азауад иаанахәоит, уи акразы аамҭа анааиуа, аԥҟара инақәыршәаны 30 процент ахә иаразнак иахыршәаауеит.

Шәазыӡырҩы аудио.