Арадио

Габлиа еиҭеиҳәеит Гәылрыԥшь араион аҟны алхрақәа рыҽшырзыҟарҵо атәы

Гәылрыԥшь араион алхратә комиссиа ахантәаҩы Дмитри Габлиа арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рыҽшырзыҟарҵо атәы.
Sputnik
Габлиа еиҭеиҳәеит Гәылрыԥшь араион аҟны алхрақәа рыҽшырзыҟарҵо атәы

Аԥсны аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп мшаԥы 11 рзы. Хәажәкыра ҩба рзы акандидатцәа рҭаҩра иалагеит.

"Аграфик ҳаҽҭагӡаны аусмҩаԥгатәқәа ҳҽырзыҟаҳҵоит. Гәылрыԥшь араион аҟны алхырҭатә ҭыԥ хадақәа 15 ыҟоуп. Иахьазы аԥшьгаратә гәыԥқәа 9 –ҩык акандидатцәа ықәдыргылахьеит. Алхрақәа азҿлымҳара ишахәҭоу ирымоуп", - иҳәеит Габлиа.

Шәазыӡырҩы аудио.