Путини Ердогани АЕС "Аккую" ахԥатәи аенергоблок аргылара иаладыргеит

АЕС "Аккую" – Ҭырқәтәыла идыргыло раԥхьатәи атомтә фымцастанциоуп. Урыстәыла ахьӡала иқәгылоит аҳәынҭкорпорациа "Росатом", 2010 шықәса рзы напы зҵаҩыз аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра ашьаҭала.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 11 - Sputnik. Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рхадацәа Владимир Путини Таиип Ердогани рхы аладырхәит апровинциа Мерсин аҿы АЕС "Аккую" ахԥатәи аенергоблок аргылара ахацыркра ацеремониа ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Ауснагӡатә мҩаԥысуан авидеоконференциа аформат ала.

Владимир Путин агәахәара ааирԥшит урыстәылатәии ҭырқәтәылатәии аҟазауаа – атомтә ус азҟазацәа, анџьнырцәа, аусуцәа АЕС аграфик инақәыршәаны аргылара ахьеиҿыркаауа.

"Апроект "Аккую" анагӡара изаԥырхагамхеит апандемиа иҳазкылнагаз ауадаҩрақәагьы", - ҳәа азгәеиҭеит иара.

Ердоган иҳәеит аҵыхәтәантәи, аԥшьбатәи аенергоблок 2022 шықәсазы аргылара ишалаго. Актәи ашьапы кын 2018 шықәсазы, аҩбатәи – 2020 шықәсазы. Ахархәарахь рынашьҭра азԥхьагәаҭоуп 4800 мегаватт зымчра ыҟоу аенергоблокқәа ԥшьба.

Путини Ердогани АЕС "Аккую" ахԥатәи аенергоблок аргылара иаладыргеит

АЕС ахәԥса 20 миллиард доллар рҟынӡа инаӡоит. Иазыԥшуп астанциа есышықәса 35 миллиард кВт сааҭ алшара аиуп ҳәа.

"Ҭырқәтәыла азыхиоуп Урыстәыла аус ацура, Шьамтәыла, Ливиа, Ҟарабах реиԥш иҟоу арегионалтә проблемақәа рыҿгьы. Хара имгакәа ҳаиқәшәап ҳәа сгәыӷуеит", - ҳәа иҳәеит Ердоган Путин иахь ихы нарханы авидеоконференциаҿ.

Путин ҷыдала реиқәшәара дақәшаҳаҭуп хара имгакәа.