Арадио

Аҭоурых иагәылаҵәаху: Ҵлаииа Тариел Тапаӷәуа иҭынхаз абџьар атәы

Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-аԥша аҳәынҭқарратә музеи аҭоурых аҟәша аиҳабы аусзую Геннади Ҵлаииа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит амузеи аҟны ирымоу Марттәи ажәылара иадҳәалоу аекспонатқәа ртәы. Урҭ руак аибашьҩы Тариел Тапаӷәуа иҭынхаз абџьар ауп.
Sputnik
Аҭоурых иагәылаҵәаху: Ҵлаииа Тариел Тапаӷәуа иҭынхаз абџьар атәы

Шәазыӡырҩла арубрика "Аҭоурых иагәылаҵәаху" есмҽышала арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.