Арадио

Џьапуа аҭыԥантәи аизарақәа рахь алхрақәа рзы: аҿар агәацԥыҳәара ахьаадырԥшуа сеигәырӷьоит

Аҟәа араион алхратә комиссиа ахантәаҩы Беслан Џьапуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рыҽшырзыҟарҵо, иахьазы шаҟа аԥшьгаратә гәыԥ ашәҟәы рыҽҭаргалахьоу атәы.
Sputnik
Џьапуа аҭыԥантәи аизарақәа рахь алхрақәа рзы: аҿар агәацԥыҳәара ахьаадырԥшуа сеигәырӷьоит

Аԥсны аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп мшаԥы 11 рзы. Хәажәкыра ҩба рзы акандидатцәа рҭаҩра иалагеит.

"Даара активра аадырԥшуеит зегьы, алхыҩцәагьы рхы рыладырхәыр рҭахуп абжьыҭарақәа, адепутатрахь зхы зырхазгьы. Ҳраион аҟны алхырҭатә ҭыԥ хадақәа 15 ыҟоуп, адепутатцәа 15-ҩык алырхраны иахьыҟоу, уажәазы 28 аԥшьгаратә гәыԥқәа рхы ықәдыргылахьеит, даҽа мчыбжьык ыҟоуп, иҵегьы рхыԥхьаӡара иацлоит ҳәа ҳазыԥшуп. Алхрақәа маншәаланы имҩаԥысып ҳәа ҳақәгәыӷуеит", - иҳәеит Џьапуа.

Иара иазгәеиҭеит адепутатрахь ицо акандидатцәа реиҳарак аҿарацәа шракәу.

Шәазыӡырҩы аудио.