Ҟазахсҭантәи адиџьеи Imanbek "Гремми" ианашьахеит ашықәс азы иреиӷьу аремикс азы

Абыжьҭаҩраз америкатәи академиа ишьаҭанаркыз аԥхьахә "Гремми" анашьара ацеремониа амузыка адунеи аҿы иналукааша хҭысуп.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 15 – Sputnik. 20 шықәса зхыҵуа Ҟазахсҭантәи адиџьеи Иманбек Зеикенов, Imanbek ҳәа хьыӡшьаран измоу, "Гремми" ианашьахеит америкатәи арепер SAINt JHN икомпозициа Roses ашықәс азы иреиӷьу аремикс азы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Зеикенов - дыпрофессионалтә музыкантӡам, аихамҩатә коллеџь дастудентуп. Америкатәи арепер SAINt JHN икомпозициа Roses иалихыз аремикс YouTube аҟны миллионҩыла ауаа ахәаԥшит, ареитинг U.S. Billboard Hot 100 аҟны аԥхьатәи ахәба ирылашәеит, абас ала лаҵарамзазы британиатәи ахит-парад аҿы аԥхьатәи аҭыԥ ааникылеит. 

Урыстәылатәи абыжьҭаҩратә еилахәыра Effective Records-и иареи аилаӡара рыбжьарҵеит.

Абыжьҭаҩраз америкатәи академиа ишьаҭанаркыз "Гремми" анашьара ацеремониа мҩаԥысит хәажәкыра 15 рзы.