Адыгатәыла атеракт аԥдырҟәҟәааит

Ашьаус хацыркуп "атеррористтә акт аҽазыҟаҵаразы" аганахь ала. Иаанкыло ахаҵа иҩны ирыԥшааит ақалақь ахсаала "атеррористтә жәылара ззутәу аобиектқәа" арбаны.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 17- Sputnik. Амаҵзура ҷыдақәа Адыгатәыла дааныркылеит Урыстәыла ззин ыҟам агәыԥ "Исламское государство" задгылаҩ атеракт амҩаԥгара аҽазышәаразы ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ.

"Адыгатәи Ареспублика аҵакыраҿы даанкылоуп Ацентртә-Азиа иатәу ауаҩԥсы, ауаа рацәа реизарҭақәа рҿы атеррористтә акт амҩаԥгара зыгәҭакыз", - аҳәоит арелиз.

Иаанкыло ахаҵа иҩны ирыԥшааит ақалақь ахсаала "атеррористтә жәылара ззутәу аобиектқәа" арбаны, анапылаҟаҵара бомбақәа, "Исламское государство" абаҟа.

Игаджетқәа рҿы иаарԥшын атеррористтә контент рацәа, абжьгарақәа, иара ихаҭа иԥаршеиз имиграциатә документқәа.