Алаҵа "Спутник V" ззыҟаҵоу зегьы ахьчаратә еффект рныԥшуеит

Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра апандемиа иаалагазар ашәҟәы иҭанагалеит алаҵақәа хԥа акоронавирустә инфекциаҟынтә.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 17 - Sputnik. Гамалеи ихьӡ зху Ацентр адиректор Александр Гинцбург аҳәамҭа ҟаиҵеит алаҵа "Спутник V" ззыҟаҵоу зегьы ахьчаратә еффект рныԥшуеит, аҩбатәи алаҵа ашьҭахь шәарҭара ыҟам ҳәа иҳәеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"91,6% иԥыршәоз рцәеижь алаҵа аҭак ҟанаҵеит ишыхьчо аныԥшуа. Иаанхаз 7-8 процент ирныԥшит ачымазара ашьҭақәак, аха иуадаҩым, иԥсыҽу форманы. Убри аан абри алаҵа 100% ачымазара аформа хьанҭаҟынтә иахьчоит", - ҳәа иҳәеит иара абрифинг аҿы.

Гинцбург иазгәеиҭеит алаҵа "Спутник V" 100% ахьчаратә еффект амоуп ҳәа.

Уажәы Урыстәыла COVID-19 аҟынтәи адунеи аҿы раԥхьаӡа акәны ашәҟәы иҭаргалаз алаҵа "Спутник V" аҟаҵара ҟалоит.

Уи адагьы жьҭаарамзазы ашәҟәы иҭагалан новосибирсктәи ацентр "Вектор" аус зыднауылаз алаҵа — "ЭпиВакКорона".

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: