Арадио

Кьышьмариа Тҟәарчалтәи атеатр аусуразы: асцена уаныцәхҟьа иуадаҩуп ақәгылара

Шәарах Ԥачалиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратәа акомедиатә театр аиҳабы Заур Кьышьмариа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит атеатр актиорцәа ахәаԥшцәа рҿаԥхьа ҩаԥхьа иқәгылараны ианыҟоу, иахьазы ирыԥсҭазаашьоу атәы.
Sputnik
Кьышьмариа Тҟәарчалтәи атеатр аусуразы: асцена уаныцәхҟьа иуадаҩуп ақәгылара

"Ҳтеатр аусура иаҿуп, амза 12 раахыижьҭеи ҳазхиоуп ҵыԥх иҭаҳмыжьыз аспектакль ҿыц дырбара. Аминистр сахәаԥшуеит иҳәан (акәыргыламҭа ҿыц – аред.), аха аҽны ааишьа зыҟамлеит ақәа, асы леит. Аспектакль ихианы иҟоуп, иахьа ҳахәаԥшуеит анырҳәа, аԥхьарбара ҟалоит. Рома Сабуа (арежиссиор-аред.) аспектакль ҿыц далагеит "Ҳаҳра шәара ишәымаз уажәшьҭа!" ҳәа ааҩык актиорцәа злоу. Уи арольқәа хҩылааны хазы-хаз аҽазыҟаҵара иаҿуп. Егьыс ҵыԥх аахыс ачымазара иахҟьаны иаҳзымшьҭыз аспектакльқәа еиҭашьақәыргыланы графикла дырбаразы аусура цоит. Асцена уаныцәхҟьа даара иуадаҩуп ақәгылара", - азгәеиҭеит Кьышьмариа.

Иаҳа инарҭабааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.