Арадио

Амҷба ауниверситет азеиԥшнхарҭазы: астудентцәа зегьы ус ахылаԥшра аҩнгьы ироуааит

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет азеиԥшнхарҭа аҟны астудентцәа рынхашьеи, аҿкычмазара иақәнагоу аԥҟарақәа иахьынӡарықәныҟәои ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит азеиԥшнхарҭа аиҳабы Зураб Амҷба.
Sputnik
Амҷба ауниверситет азеиԥшнхарҭазы: астудентцәа зегьы ус ахылаԥшра аҩнгьы ироуааит

ААУ азеиԥшнхарҭаҟны иахьатәи аамҭазы инхоит 60-ҩык инареиҳаны астудентцәа , дара зегьы асанитартә шәагазагақәа инагӡаны ирықәныҟәартә еиԥш аҭагылазаашьақәа рзаԥҵоуп иҳәеит Зураб Амҷба.

"Азеиԥшнхарҭа зынӡа 210 ашьҭаларҭа ҭыԥ амоуп, убри аҟынтә уадак аҟны ҩыџьа ахьеицеиҩноу маҷуп", - иҳәеит Амҷба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил шәазыӡырҩыр.