Амра ссируп аҭашәамҭаз: угәы зырԥхо афотосахьақәа

Sputnik

Амра ссируп аҭашәамҭаз,
Абла ахьышәахәа ҭыԥхоит.
Аҭашәамҭаз, аҭашәамҭаз
Амра акалашәа игәыкхоит.

Имариоума зегьы рзыҳәа
Иахьа хәлаанӡа абылра?
Имариоума нас ашьшьыҳәа,
Зегьы ааныжьны ацара?

Аха гәыҩбарак анымкәа,
Игәыбзыӷуп ахаҿы,
Игәазырҳагазҭгьы уажәынӡа –
Игәыҿкаагаӡоуп уажәы...

Таиф Аџьба иажәеинраала "Амра ссируп аҭашәамҭаз" ацыԥҵәаха

1 / 11
Жәытәнатә аахыс ауаа зашьапкуаз, зегь зымчу ҳәа ирԥхьаӡоз цәырҵран амра.
2 / 11
Амра адунеи аԥсы ахазҵо, аԥсҭазаара иахыҵхырҭоу амчқәа рыгәҭа игылоуп.
3 / 11
Мҩашьарада иуҳәар ауеит, дарбанзаалак ауаҩы игәы шарԥхо, игәалаҟазаара шышьҭнахуа амра аҭашәамҭа.
4 / 11
Амш наскьаго, амра аҭашәамҭа агәыӷра унаҭоит иахьа узхьымӡаз уахьызгӡаша даҽа мшык, даҽа шьаҿак уаҵәы ишузыԥшу.
5 / 11
Амра аҭашәамҭа - зыгәқәа еидҳәалоу, зынасыԥ ак акәу ауаа еиӷьаршьо аамҭоуп.
6 / 11
Уи иаҵоу анашана бзиа еибабо даҽакала ирбоит, амра аҭашәамҭа урҭ ргәаҵа иҭоу ацәаныррақәа еиҳагьы аԥхарра рыҵанаҵоит.
7 / 11
Амра аӡы инӡаалеит ҳәа аԥсуаа иззырҳәогьы абри ауп!
8 / 11
Амра аҭашәарахьы ахы анархо уи абла иҭыԥхо ахьышәахәа зегьы ахьыԥшшәы аҟәыннаҵоит.
9 / 11
Амш агәрымра агәы иҭазаргьы, жәҩантә ашәахәақәа аашьҭуа, амра ҳгәы арӷәӷәоит.
10 / 11
Ари аԥсабаратә цәырҵра ашәа азызҳәахьоу апоетцәа маҷҩым, асахьа ҭызххьоу аҟазацәагьы рацәаҩуп, афото ҭызхуагьы ҵҩа рымам.
11 / 11
Иреиӷьу аланарԥшыра ахьыҟоу ҳара ҳҿоуп - амра аҭашәамҭа, амшын ҟәанда, аԥсабара беиа.