Арадио

Амҷба аҭыԥантәи алхрақәа рзы: атәылауаҩшәҟәы змам ргәы иалоуп, уи иахьалахәым

Гал араион аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа алхрақәа рахь акандидатцәа ашәҟәы рҭагаларазы аус шеиҿкаази, абжьыҭаразы шаҟаҩы азин рымоуи ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит араион алхратә комиссиа ахантәаҩы Игорь Амҷба.
Sputnik
Амҷба аҭыԥантәи алхрақәа рзы: атәылауаҩшәҟәы змам ргәы иалоуп, уи иахьалахәым

"Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа аминистрра иаҵанакуа апаспортә визатә ҟәша иаанашьҭаз асиала 872-ҩык алхыҩцәа ҳамоуп. Алхрақәа мҩаԥгахоит зегьынџьара, аха иҟоуп ақыҭақәак аӡәык ҩыџьак рыда атәылауаҩшәҟәы змоу ахьнымхо, убарҭ ақыҭақәа еицҵаны, алхратә закәан излаҳәо, алхырҭатә ҭыԥқәа ҟаҵоуп. Адепутатцәа рхеилак ахь 11-ҩык алырхраны иҟоуп. Уаанӡа иҟан 25-ҩык. Аҵыхәтәантәи адепутаттә алхарақәа араион аҿы имҩаԥган 2009 шықәса рзы. Уажәы алхрақәа мҩаԥысран ахьыҟоу аҭыԥқәа еилкаауп, аха дара макьана еиқәшәам, уигьы ари амчыбжь нҵәаанӡа еиқәыршәахап ҳәа ҳгәы иаанагоит", - еиҭеиҳәеит Амҷба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.