Лавров мраҭашәаратәи аԥарашәаратә система рҽацәхьаркырц ааԥхьара ҟаиҵеит

Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров усутә ныҟәарыла Китаиҟа дцеит, хәажәкыра 22 рзы.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 22 - Sputnik. ЕАА аганахь ала асанкциатә цәшәарақәа еиҵатәлатәуп адоллар иашьашәалоу амилаҭтәи альтернативатәи валиутақәа рыла ҳәа иҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров китаитәи АИХқәа аинтервиу рыҭо. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Урыстәыла ахәаахәҭра аминистрраҿы иазгәарҭеит ЕАА асанкциақәа анырра бзиа шыҟарҵаз

"Мраҭашәара хылаԥшра знаҭо жәларбжьаратәи аԥарашәаратә системақәа аҽрыцәхьакра рҭахуп", - иҳәеит адипломат.

Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров усутә ныҟәарыла Китаиҟа дцеит, хәажәкыра 22 рзы. Ажурналистцәа данрыҿцәажәоз иара иҳәеит Урыстәылеи Китаии рхаҭара дырӷәӷәалароуп ҳәа.

"Зегьы ишәбарҭоуп ЕАА иаус хаданы ишаԥхьаӡо Урыстәылеи Китаии ртехнологиатә ҿиара аԥкырақәа азура", - иҳәеит аминистр.

Аминистр иҳәеит атәылақәа рыҩбагьы рекономикатәии рсоциалтәии ҿиара "мраҭашәаратәи рпартниорцәа рхы иҭашәо" иахьыԥшымкәа аҟаҵара шхымԥадатәиу.

"Дара ирҭахуп егьырҭ атәылақәа ираԥыҳәҳәаны аҟазаара. Ари аполитика аобиективтә тенденциа иақәшәом, аҭоурых аганаҿ аҟазаарагьы аӡәгьы иҭахым", - иҳәеит Лавров.

Иажәа хыркәшо аминистр иазгәеиҭеит "зегь дара роуп аҭоурыхтә процесс иаратәы иагоит" ҳәа.