Афранцызцәа рыхәҭак COVID-19 аҟынтәи алаҵа "Спутник-V" аҟаҵара иақәшаҳаҭуп

Аҭҵаара-зҵаарақәа мҩаԥысуан онлаин-анкетала 2021 шықәса хәажәкыра 17 - 18 рзы, 18 шықәса ирҭысхьоу афранцызцәа 1009-ҩык рыбжьара.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 24 - Sputnik. Ҩажәи фба процент афранцызцәа азыхиоуп урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" аҟаҵара. Абри атәы шьақәнарӷәӷәоит Sputnik News азы азҵаара-ҭҵаарақәа мҩаԥызгаз ауаажәларратә гәаанагара ҭызҵаауа франциатәи аилахәыра IFop.

Убри аан егьырҭ алаҵақәа ҟазҵахьоу рҟынтәи 40% мап ацәыркуам урыстәылатәи алаҵа аҟаҵара. Аҭҵаарақәа ирылҵшәаны еилкаахеит "Спутник V" аинтерес аиҳарак измоу амаҵзура ҭыԥ дуқәа аанызкылои арма-партиақәа рыдгылаҩцәеи шракәу.

Гинцбург "Спутник V" ала аревакцинациа ҟалом ҳәа ирҳәо аҿаԥиҽуеит

Иааидкыланы ишьақәыргылоуп COVID-19 аҟынтәи алаҵаҟаҵара ишадгыло 45 процент ареспондентцәа. 11 процент ареспондентцәа ирҳәеит алаҵа шыҟарҵахьоу.

Аҭҵаарақәа рлахәылацәа рҟынтәи 34 процент ирҳәеит аԥкрақәа рыԥсҭазаара анырра бааԥс шарҭаз иара апандемиа аасҭагьы.

Локдаун еиҳа иаҿагылоз ареспондентцәа 25 - 34 шықәса зхыҵуа (44 процент) роуп.

Ауснагӡатә алахәылацәа алкаан ахаҵа/аԥҳәыс, ақәра, агеографиа раҳасаб баны.