Гинцбург "Спутник V" ала аревакцинациа ҟалом ҳәа ирҳәо аҿаԥиҽуеит

Урыстәыла ашәҟәы иҭагалоуп акоронавирустә инфекциа амч лазырҟәуа алаҵақәа хԥа, алаҵа "КовиВак" иааиуа амчыбжь азы ахархәарахь инашьҭхоит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 24 - Sputnik. "Спутник V" ала аревакцинациа ҟауҵар ҟалоит, уи адагьы, иара еиҳа хра амазаргьы ҟалоит аԥхьатәи алаҵа аасҭа ҳәа иҳәеит Гамалеи ихьӡ зху аепидемиологиеи амикробиологиеи НИЦ адиректор Александр Гинцбург. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Алаҵа "Спутник V" ззыҟаҵоу зегьы ахьчаратә еффект рныԥшуеит

Уаанӡа Роспотребнадзор аепидемиолог Наталиа Пшеничнаиа илҳәахьан "Спутник V" ала аиҭалаҵаҟаҵара ҟамлар ҟалап ҳәа. Нас Роспотребнадзор апресс-маҵзура аҳәамҭа ҟанаҵеит "Спутник V" аревакцинациа аӡбахә иашамкәан ишырҳәаз, аха алаҵақәа "ЭпиВакКорона" "КовиВак" реиҭаҟаҵаразы акгьы шаԥырхагам.

"Ҳтәылаҿеиԥш аҳәаанырцәгьы аҭҵаарақәа рылкаақәа ирҳәоит аденовирусқәа ираԥхьанеиуа аиммунитет аиммуннтә ҭак ишаԥырхагам. Уи адагьы ишьақәыргылоуп аденовирустә векторқәа рревакцинациа шалшо аиммуногенра мырӡкәа", - ҳәа иҳәеит Гинцбург, ажурналистцәа дрыҿцәажәо.

"Спутник V" аревакцинациа алшара адагьы еиҳагьы хра аманы иҟалоит аԥхьатәи алаҵа аасҭа иҳәеит Гинцбург.