Шәача ашкол аԥжәара зыгәҭакыз алицеист дааныркылеит

Шәача ашкол аԥжәара зыгәҭакыз ашколхәыҷ иҩны анеимырда, ирбеит арԥжәага, бџьарла ашкол ақәлашьазы алитература.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 24 - Sputnik. Шәачатәи алицеист "ВКонтакте" аҿы аҳәамҭа ҟаиҵеит арԥжәага ҟаҵаны аҵара ицызҵо дрықәларц шиҭаху азы. Алицеист даанкылоуп ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ.

"Шәача ақалақь алицеиқәа руак аҵаҩы – асоциалтә ҳа "ВКонтакте" аҿы ашкол ақәлара шигәҭакыз алазырҵәаз даанкылоуп", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Ашколхәыҷ иҩны анеимырда, ирбеит арԥжәага, абомбахәҭақәа, бџьарла ашкол ақәлашьазы алитература.

Ашьаусҭҵааразы аӡбамҭа макьана ирыдрымкылацт.