Владимир Путин акоронавирус аҟынтәи алаҵа ҟаиҵеит

Уаанӡа адырра ҟаҵан Урыстәыла ахада Владимир Путин акоронавирус аҟынтә урыстәылатәи алаҵа ҟаиҵараны дыҟоуп ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 24 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин коронавирус аҟынтәи алаҵа ҟаиҵеит ҳәа аанацҳаит хәажәкыра 23 рзы РИА Новости, ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Путин алаҟаҵара ашьҭахь иҭагылазаашьа бзиоуп.

"Уаҵәы абжьааԥеиԥш ахада изы усура мшуп", - иҳәеит Песков.

Уаанӡа адырра ҟаҵан Урыстәыла ахада акоронавирус аҟынтә урыстәылатәи алаҵа ҟаиҵоит ҳәа. Иахьазы Урыстәыла ашәҟәы иҭагалоуп аҭыԥан иҟаҵоу акоронавирус аҟынтәи алаҵақәа хԥа: "Спутник V", "ЭпиВакКорона", "КовиВак".