"Гагра агәам-сам каԥсарҭа ақыҭа Ԥсахара ааигәароуп иахьыҟоу, агәам ара еизаагоижьҭеи акрааҵуеит. Ари аҭыԥ залырхызгьы адгьылқәа акәша-мыкәша ак лауҵо, ак ааурыхуа иҟамызт, нышәаԥшьуп. Асовет мчра ахаангьы уа акәша-мыкәша аколнхара ыҟан, аха ари адгьылқәа рхы иадырхәомызт. Уи азы иӡбан агәам еизгарҭа аҟаҵара. Усҟан уа ауаа маҷны инхон, агәм-сам каԥсарҭа усҟак ирԥырхагамызт, аха аамҭа цацыԥхьаӡа ауаа нхара идәықәлеит, агәам каԥсарҭа акәшагьы инеины инхеит. Ҵыԥх ҵыԥхцәа ажәлар агәынамӡара аадырԥшуан. Ари азҵаара изныкымкәа араион аҿы ҳалацәажәахьеит, аха агәамсам каԥсарҭаҿы аҭагылазаашьа аҭышәынтәаларазы иаҭахуп еиуеиԥшым атехнологиақәа, урҭ рыхә цәгьоуп. Араион амчала уа атехника аус ауеит, аха уи азхаӡом. Анаҩс Гәдоуҭа иҟаз агәам-сам каԥсарҭа аркын, уи ашьҭахь Афонынтә, Гәдоуҭантә Гаграҟа иаарго иалагеит, убас Риҵантә, Цанрыԥшьынтәгьы, абасала ҩ-раионк еидкыланы ргәам арахь иааргоит. Егьыс, Гагра араион мацара ҳхьы иаҳархәозҭгьы, макьана иҳазхараны иҟан", - иҳәеит Агрба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Абзазаратә црыҵқәа рполигон 2021 шықәса лаҵарамзазы Гәылрыԥшь аргылара иалагоит