COVID-19 аҟынтәи урыстәылатәи ахԥатәи алаҵа ахәԥса аӡбахә рҳәеит

COVID-19 хызҽуа ахԥатәи алаҵа "КовиВак" аҭыжьра официалла иалагеит хәажәкыра 25 рзы Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу М.П. Чумаков ихьӡ зху ацентр аҟны.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 25 - Sputnik. Аманополиаҿагыларатә Федералтә маҵзура (ФАС) акоронавирус аҟынтәи алаҵа "КовиВак" ахәԥса 4 330 мааҭ ҳәа ақәнаҵеит. Ари еилкаахеит аусбарҭа аматериалқәа рҟынтәи.

COVID-19 аҟынтәи алаҵа актәи апартиа Аԥсныҟа иаауеит хәажәкыра анҵәамҭазы

"Урыстәыла аманополиаҿагыларатә Федералтә маҵзура Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрреи, Чумаков ихьӡ зху Аиммунологиатә препаратқәа рыҭҵаареи аус рыдулареи рфедералтә ҭҵаарадырратә центри рҟынтәи ашәҟәқәа ҭҵааны аӡбра аднакылеит аԥсҭазаараҿы зыда ԥсыхәа ыҟам ҳәа ишьоу "КовиВак" аҭиратә хәԥса 4 330,00 мааҭ ишьақәыргылазарц", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Ахәшә ҭрыжьлоит ҩ-форма хкык рыла: ампулақәа 10 ампулатә ҳәызба зцу зҭоу аҭоԥ, ма ахҵәарҭаҭыԥ змоу амацәаз зхоу ампула зҭоу аҭоԥи.

"КовиВак" аԥҵоуп Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу М.П. Чумаков ихьӡ зху Аиммунологиатә препаратқәа рыҭҵаареи аус рыдулареи рфедералтә ҭҵаарадырратә центр аҟны. Ҵаҵӷәны иаҭоуп ҷыдала аус зыдуло, аҿкыратә ҟазшьақәа зцәыӡыз, аха аиммунтә ҭак аазырԥшыр алшо авирус SARS-CoV-2. Уаанӡатәи адыррақәа рыла "КовиВак" ҵаҵӷәыс иарҭеит москватәи ахәышәтәырҭа Коммунарка апациентцәа руаӡәк икоронавирус ҳәа.