Аӡиас аӷьқәа "рыбжьарц": санкт-петербургтәи ажәҩаҵшьыҩцәа рыҽшазыҟарҵо

Sputnik

Санкт-петербургтәи аспортсменцәа жәаҩаҩык, аа-шықәса инаркны 22 шықәса рҟынӡа зықәра ыҟоу разыҟаҵаҩцәа ирыцны Аԥсныҟа иааит иаарласны имҩаԥысраны иҟоу Урыстәылеи Европеи рҿы ажәҩаҵшьратә слалом азы аицлабрақәа рылахәхаразы рҽазыҟарҵарц. Дара ҽнак ахь ҩынтә Бзыԥ аӡиас аҟны рҽазыҟарҵоит. Зынӡа аҽазыҟаҵарақәа быжьба мҩаԥыргараны иҟоуп хәажәкыра 30 рҟынӡа.

Ажәҩаҵшьратә слалом - аӡырҳәыԥқәеи аканоеқәеи рыла ажәҩаҵшьратә спорт хкуп, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны аспортсменцәа иалкаау абжьаӡараҟны аԥхьа инеиуа еицлабуеит. Асасцәа уажәы Аԥсныҟа иааит Бзыԥ аӡиас еиуеиԥшым ахәҭақәа рҟны рылшарақәа реизырҳаразы. Раԥхьа аӡы иаҳа иахьҭынчыз аҽазыҟаҵара иалагеит, адырҩаҽны - иаҳа иахьаӷьыз.

Изықәтәоу анышьқәа акарбон иалхуп, иласуп, жә-киллограммк ркапануеит, аха уеизгьы х-метрак иҟоу аӡырҳәыԥ аныҟәцара ишубо еиԥш имариам, иҷыдоу азыҟаҵара аҭахуп. 

Еиҳа аццакра ззаарԥшуа ҳәа ауп ишеицлабуа. Аӡаҿы иҷыдоу "амба" ҟарҵоит, уи ибжьысны ицароуп аспортсменцәа. Уи злымшаз аӡә дҟалар, хараԥсак аҳасабала секундқәак изагдырхоит имҩа анхиркәшалак.

Бзыԥ аӡы ари ашықәс аамҭазы +10°С раҟара ыҟоуп. Аспортсменцәа рцәеижь аԥхарра зыхьчо иҷыдоу амаҭәа ршәызароуп уи ианҭало. Ажәҩаҵшьыҩцәа рхаҭақәа ишырҳәо ала, ахьҭа иакуа рнапқәа роуп, аха зны-зынла ашоура ианакуагьы ыҟоуп, еиҳарак ахаҳәқәа рыбжьара абжьысра анаҭаху. Азыҟаҵаҩцәа абас иҟоу аҭыԥқәа роуп еиҳаракгьы изышьҭоу иазыҟарҵо рзы, аха ашәарҭадара аԥҟарақәа ртәгьы рхадыршҭуам.

Азыҟаҵарақәа рыхәҭак амшын аҿы имҩаԥысуеит, уа, хымԥада, аӡы акыр иҭынчуп, ашьха ӡиасқәа рҿы аасҭа. Амшын аҿы рҽаназыҟарҵо, рымч ажәҩақәа рахь иаҳа ирышьҭуеит.

1 / 16
Санкт-петербургтәи аспортсменцәа ажәҩаҵшьратә слалом азы ҽнак ахь ҩынтә Бзыԥ аӡиас аҟны рҽазыҟарҵоит.
2 / 16
Ажәҩаҵшьратә слалом - аӡырҳәыԥқәеи аканоеқәеи рыла ажәҩаҵшьратә спорт хкуп, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны аспортсменцәа иалкаау абжьаӡараҟны аԥхьа инеиуа еицлабуеит.
3 / 16
Аспортсменцәа рцәеижь аԥхарра зыхьчо иҷыдоу амаҭәа ршәызароуп уи ианҭало.
4 / 16
Бзыԥ аӡы ари ашықәс аамҭазы +10°С раҟара ыҟоуп.
5 / 16
Изықәтәоу анышьқәа акарбон иалхуп, иласуп, жә-киллограммк ркапануеит.
6 / 16
Аӡаҿы иҷыдоу "амба" ҟарҵоит, уи ибжьысны ицароуп аспортсменцәа.
7 / 16
Зынӡа быжьҽазыҟаҵарак роуп имҩаԥыргахьо аспорсменцәа Аԥсны
8 / 16
Аспорсменцәа ражәақәа рыла Бзыԥ аӡиас аҽазыҟаҵарақәа рзы зеиԥш ыҟам алшарақәа рнаҭоит. Ари аҭыԥ аҳәаанырцәтәи аспорстменцәа аҽазыҟаҵарақәа ахьымҩаԥырго аҭыԥқәа акала еицәам.
9 / 16
Ахьҭа иакыргьы, рыжәҩахыр ааԥсаргьы, изықәтәо анышь ааҳәыргьы зегь акоуп аспорсменцәа рҽазыҟаҵарақәа ирҟәаҵом.
10 / 16
Ажәҩаҵшьыҩцәа рхаҭақәа ишырҳәо ала, ахьҭа иакуа рнапқәа роуп, аха зны-зынла ашоура ианакуагьы ыҟоуп, еиҳарак ахаҳәқәа рыбжьара абжьысра анаҭаху.
11 / 16
Ажәҩаҵшьыҩцәа еиуеиԥшым адистанциақәа шаҟа секунд ала ианысран иҟоу рдыроит, иагхар ахараԥса идырҵоит- иаамҭа асекундқәа изагдырхоит.
12 / 16
Аспорсменцәа Урыстәылеи Европеи рҿы ажәҩаҵшьратә слалом азы аицлабрақәа рылахәхаразы рҽазыҟарҵоит
13 / 16
урыстәылатәи аспорсменцәа аԥышәа ирымоу рхы иархәаны Бзыԥ аӡиас амч "рнапаҿы иааргар" рҭахуп.
14 / 16
Санкт-петербургтәи аспортсменцәа жәаҩаҩык, аа-шықәса инаркны 22 шықәса рҟынӡа зықәра ыҟоу разыҟаҵаҩцәа ирыцны Аԥсныҟа иааит
15 / 16
Раԥхьа аӡы иаҳа иахьҭынчыз аҽазыҟаҵара иалагеит, адырҩаҽны - иаҳа иахьаӷьыз.
16 / 16
Изықәтәоу анышьқәа акарбон иалхуп, иласуп, жә-киллограммк ркапануеит.