Арадио

Ажьиба еиҭеиҳәеит "Гәдоуҭа-110" афымца еихшарҭаҟны имҩаԥысуа аусурақәа ззырхо

"Амшынеиқәафымцамч" Гәдоуҭатәи аҟәша анџьныр хада Денис Ажьиба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит араион аҟны Аинвестпрограммала зеиҭашьақәыргылара цо афымца еихшарҭаҿы имҩаԥысуа аусурақәа ртәы.
Sputnik
Ажьиба еиҭеиҳәеит "Гәдоуҭа-110" афымца еихшарҭаҟны имҩаԥысуа аусурақәа ззырхо

Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны астанциа маҷ "Гәдоуҭа-110" аҟны ажәытә маҭәахәқәеи, аиҩкаақәеи, афымцамчхара ӷәӷәа змоу ацәаҳәақәеи рыԥсахуеит.

"Асааҭ 10:00 инаркны 14:00-нӡа аусурақәа мҩаԥысыр акәын, аха аамҭа ҳзымхеит, аусурақәа макьанагьы ицоит. Алашара аҟамзаара, ҳәарада, ауадаҩрақәа цәырнагоит ауааԥсыра рзы, аха аусурақәа зегьы алашара амчхара бзиа роурцаз ауп изыҟаҳҵогьы. Афымца еихшарҭа аремонт зегьы мшаԥымза анҵәамҭазы ихҳаркәшарц ҳгәы иҭоуп, уаанӡа еиҭа аамҭа-аамҭала афымцалашара ҳарцәалоит", - еиҭеиҳәеит Ажьиба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.