Арадио

Кәыҵниаԥҳа еиҭалҳәеит Аԥсны аҭаацәарақәа рҿы амч ахархәаразы иҟоу ауадаҩрақәа

Гәдоуҭа араион ахәыҷқәеи аҭаацәареи ацхыраара рыҭаразы асоциалтә маҵзура аспециалист Саида Кәыҵниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит Аԥсны аҭаацәарақәа рҿы амч ахархәаразы иҟоу ауадаҩрақәа ртәы.
Sputnik
Кәыҵниаԥҳа еиҭалҳәеит Аԥсны аҭаацәарақәа рҿы амч ахархәаразы иҟоу ауадаҩрақәа

"Ҳара ҳтәылаҿы уи аҩыза схахьы аагара шысҭахымгьы, иҟоуп амч ахархәара, уи еиуеиԥшым ахкқәа, махәҿалатәи амч ахархәара, апсихологиатә амч ахархәара, ацәаԥҽратә, атәамбаратә. Арҭ апроцессқәа ҳара рыцәхьаҵра ҳалымшеит. Ауаа ирыздырӡом ас еиԥш апроблемақәа шыҟоу. Еиуеиԥшым ахыҵхырҭақәа рҟнытә, инеизакны ареспублика асоциалтә маҵзурахьы хышықәса иалагӡаны иааит 285 агәҩара зҵоу асигналқәа. Урҭ рахьынтә 89 махәҷалатәи амчхархәара иадҳәалоуп, ааба ацәаԥҽратә амчхархәара. Ҳмаҵзураҿы ашәҟәы иҭагалоу аҭаацәарақәа рыпроблемақәа анаҳаӡбо, ицәырҵуеит еиҭа егьырҭ амчхархәаратә проблемақәагьы. Асигнал анҳаулак ашьҭахь асоциалтә маҵзура аусзуҩу дцоит аҭаацәарахьы, далагоит апроблема аҭҵаара. Уи шаҟа иҵаулоу ала ишьақәырӷәӷәахоит аплан. Уи ааан ҳазхәыцуеит, иарбан усбарҭақәоу ара иаҳацхраарц зылшо. Абасала, зегьы ҳусеицурала иҟоу ауадаҩра аӡбаразы иҳалшо ҟаҳҵоит", - еиҭалҳәеит Кәыҵниаԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.