Пашиниан мшаԥымзазы инапынҵақәа шьҭеиҵар шалшо азы аҳәамҭа ҟаиҵеит

Ермантәыла изаамҭанытәим апарламенттә алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп рашәара 20 рзы. Апарламент роушьҭразы аԥыза-министр ԥхьатәара дцароуп.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 29 - Sputnik. Ермантәыла аԥыза-министр Никол Пашиниан Ермантәыла, Армавиртәи аобласт ауааԥсыра данырԥылоз иҳәеит мшаԥымзазы изаамҭанытәим апарламенттә лхрақәа рымҩаԥгаразы ԥхьатәара дцар шыҟало.

"Ааи, хара имгакәа, мшаԥымза анҵәамҭазы снапынҵақәа шьҭасҵоит, Апарламент ахь изаамҭанытәим алхрақәа рымҩаԥгаразы. Уаанӡа сара аԥыза-министр инапынҵақәа насыгӡалоит", - ҳәа иҳәеит Пашиниан.

Ермантәыла азакәанԥҵара инақәыршәаны алхрақәа мҩаԥгахоит иахьатәи аиҳабыра рхада ԥхьатәара данцалак ашьҭахь Апарламент аҟны ҩынтә аԥыза-министр дарлымхыр. Абри аан Пашиниан аԥыза-министр инапынҵақәа неигӡалоит. Уаанӡа иара иҳәахьан алхрақәа рашәара 20 рзы имҩаԥгахоит ҳәа.

Пашиниан Ермантәыла аиҳабыра русура аплан икьыԥхьит

Ереван аҵыхәтәантәи аполитикатә кризис аҭыԥ аман Пашиниан урыстәылатәи "Искандерқәа" данрылацәажәа ашьҭахь. Ермантәыла ар рыштаб хада аиҳабы ихаҭыԥуаҩ аԥыза-министр дихыччеит иареи, нас аштаб хада аиҳаби ԥхьатәара ицароуп ҳәа ахьиҳәаз азы. Уи аҭакс иҳәеит Пашиниан ихаҭа ԥхьатәара ддәықәҵатәуп ҳәа. Пашиниан ари ааԥхьара аҳәынҭқарратә мчра ахҳәароуп иаанаго ҳәа азшьаны идгылаҩцәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.

Абри аамҭазы аоппозициаа Апарламент аҿаԥхьа амшьамбатә лагер дыргылеит, аԥыза-министр дықәҵроуп ҳәа адҵақәа ҟарҵеит.