Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Миқаа Гал аӡымҩангагақәеи аӡцрыҵқәеи рҭагылазаашьа иазкны

Гал араион ахадара апресс- маҵзура аиҳабы Ерик Миқаа арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит аӡымҩангагақәеи, аӡцрыҵқәеи рганахьала Гал аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы.
Sputnik
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Миқаа Гал аӡымҩангагақәеи аӡцрыҵқәеи рҭагылазаашьа иазкны

"Ақалақь аҟны аӡымҩангагақәа, аӡцрыцқәа, аҩаршьҭарақәа рганахьала ауадаҩрақәа ыҟоуп. Гал аҩнеихагылақәа 17 ыҟоуп, урҭ рахьынтә 14 рҟны ауаа рацәаны инхоит, хԥа уаҩҵас напы рыдкылам, ауаа ахьнымхо ауп. Уадаҩра дуны иҟоу ақалақь агәаҟны аӡыржәтә мҩангагақәа еиҭашьақәыргылатәуп. Урҭ ҩажәатәи ашәышықәса азбжазы иҟаҵан, уиижьҭеи хәыҷмыҷқәак напы рыдкылан, аха иҿыцны еиҭашьақәыргылам, акапиталтә ремонт зҭаху рацәоуп, аҩнеихагылақәа рыҵаҟа аӡы еизоит. Акоммуналтә нхамҩа аԥхьа ишьҭоу азҵаарақәа рыӡбаразы аҟәрышь маҷымкәа иаҭахуп, аминистрцәа реилазаара аҿаԥхьа ус еиԥш азҵаара ықәгылоуп, ирыӡбап ҳәа ҳгәы иаанагоит. Аӡыржәтә 50 процент рҟынӡа ыӡуеит, избанзар аӡымҩангагақәа иахьрыцәцо анаҩсгьы иаартны иаанрыжьлоит аҩнеихагылақәа рышҭақәа рҟны. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ракәзар иахьазы иахьынӡалшо ицоит, аус хырҩа аҭаны иаанрыжьуам араион аҟны", -  азгәеиҭеит Миқаа.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: