ВОЗ акоронавирус ауаҩытәыҩса иахь ишиасуа атәы азгәанаҭеит

Агәабзиарахьчараз адунеизегьтә еиҿкаара аҟазауаа имҩаԥыргаз апресс-конференциаҿ ирҳәеит авирус ишиашоу ахәлыԥҵысқәа рҟынтәи ауаҩытәыҩса иахь ибжьаратәу азвено ада риасра алшом ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 29 - Sputnik. Агәабзиарахьчараз адунеизегьтә еиҿкаара акоронавирус ахыҵхырҭа аилкааразы Ухан рыҟазаара иазку аҳасабырбаҿы ирҳәеит коронавирус Covid-19 ауаҩытәыҩса иахь иасышьаз иамаз ахкқәа ԥшьба шалыркаауа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, амаҵзура Ассошиэитед Пресс адыррақәа шьаҭас иганы.

ВОЗ аҿы акоронавирус алахьынҵа иалацәажәеит

Аҟазауаа ирҳәеит ахәлыԥҵысқәа рҟынтәи ауаа рахь авирус аиасраан аҽа ԥстәыкгьы аиасра иалахәызар ҟалап ҳәа. Убри аан ишиашоу ахәлыԥҵысқәа рҟынтәи авирус аиасра "иҟалар алшоит" ҳәа мацара шакәу ишахәаԥштәу. Иара убасгьы авирус афатә ала ииасызаргьы ҟалоит ҳәа иршьоит дара.

COVID-19 иазааигәоу авирус ахәлыԥҵысқәа ирыдбалоуп, аха уи авируси SARS-CoV-2 рыбжьара аеволиуциатә аамҭа ажәашықәсақәа ыҟоуп, рыбжьара аҽа звенок ыҟазар акәхоит.

Амаҵзура ишаанацҳауа ала аҭҵаарақәа рылкаақәа ишырзыԥшыз ауп ишыҟалаз, азҵаарақәа жәпакгьы ҭакда иаанхеит. Аекспертцәа ркоманда ԥхьаҟагьы аҭҵаарақәа мҩаԥыргалоит абри ахырхарҭала, алабораториаҟынтә авирус алаҵәара агипотеза ада, уи ҟалашьа змамыз ҳәа иазыԥхьаӡоуп.