Урыстәыла аԥстәқәа рзы COVID-19 аҟынтә адунеи аҿы раԥхьатәи алаҵа ҟарҵеит

Урыстәылатәи аҵарауаа ргәаанагарала, аԥстәқәа рзы алаҵа иалшоит авирус аҽеиҭакра аанкылара.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 31 - Sputnik. Урыстәыла аԥстәқәа рзы COVID-19 аҟынтә адунеи аҿы раԥхьатәи алаҵа ҟарҵеит, иара массала аҭыжьра иалагоит мшаԥымза инаркны ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Россельхознадзор анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Константин Савенков иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Иара иажәақәа рыла, алаҵа "Карнивак-Ков" аус адырулеит "Аԥстәқәа ргәабзиара ахьчаразы Афедералтә центр" аҿы. Ари иахьа адунеи аҿы аԥстәқәа рзы COVID-19 хызҽуа раԥхьатәи лаҵоуп.

"2020 шықәса жьҭаарамзазы излагаз аклиникатә ԥышәарақәа раан "Карнивак-Ков" агәаҭараз ахархәара рыҭан алақәа, ацыгәқәа, абгахәыҷқәа, ацәышлампырқәа уҳәа егьырҭ аԥстәқәагьы. Аҭҵааратә лкаақәа иаадырԥшит алаҵа шшәарҭам, аиммуногентә активра шамоу, иззыҟаҵаз аԥстәқәа рҟынтәи 100% авирус ахь ацәеижьҿагылақәа шаанарԥшыз", - ҳәа иҳәоит иара.

Иахьазы Россельхознадзор аҵарауаа алаҵашьҭахьтәи аиммунитет аамҭа ахьынӡанаӡо ҭырҵаауеит. Савенков иажәақәа рыла, иахьазы ишышьақәыргылоу ала, уи фымз рҟынӡа инаӡоит.

Агәабзиарахьчаратә еиҿкаараҿы ирҳәеит акоронавирус зыхҟьаз ҳәа еиҳа зыгәра рго аверсиа

"Мшаԥымза инаркны алаҵа аҭыжьра иалагоит "Аԥстәқәа ргәабзиара ахьчаразы Афедералтә центр" аҿы", - ҳәа азгәеиҭоит иара.

Россельхознадзор анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Константин Савенков иҳәеит алаҵа аҵакы шамоу, Аԥстәқәа ргәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара акоронавирус аԥстәқәак рзы ишәарҭоуп ҳәа иҟанаҵаз аҳәамҭа инадҳәаланы.

Урыстәыла ҩ-хҭыск ҟалахьеит: Москвеи Тиумени акоронавирус рыдбалан ацыгәқәа ҩба.

"Убри аан аԥстәқәа рҟынтәи ауааԥсыра рахь авирус ииасит ҳәа дырра ыҟам", - ҳәа иҳәеит иара.

Уи адагьы, аԥстәқәа егьырҭ акоронавирусхкқәа, COVID-19 иеиуам рыхьыр ауеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: