Адгьыл аҵаҟа аусура еилашоит: ЕгрыГЕС адеривациатә тоннель аремонт

Sputnik

Аиҭашьақәыргылара мҩаԥнагоит ақырҭуа ргыларатә еилахәыра, анемец ҟазауаа рыпроект ала. Аԥарашәара мҩаԥнагоит Европатәи арҿиара абанк. Иахьазы Аԥсны Урыстәылантәи афымцалашара аиуеит. ЕгрыГЕС адеривациатә тоннель аҵыхәтәантәи аремонт мҩаԥган 2006 шықәса рзы, ашәарҭадара атехника ишаҳәо ала ес-хәышықәса аҭагылазаашьа ишашьклаԥшлатәу. Уажәы аӡы ахьацәцо азы 250 миллион киловатт сааҭ ыӡуеит. Ари Аԥсны шықәсык ала ахы ианархәо афымцалашараҟынтә 10% артәоит.

Аусурақәа ирықәхарџьхоит 45 миллион евро.

ЕгрыГЕС заҵәык ауп Аԥсны аҵакыра зегьы фымцалашарала еиқәзыршәо. Иара ахархәарахь ирыҭан 1978 шықәса рзы. Агидроагрегатқәа Аԥсны аҵакыраҿ игылоуп, аӡеизакырҭа – Қырҭтәыла. Астанциа ашықәсбжьаратә фымцамч аужьра х-миллиардки 700 миллион киловатт ыҟоуп сааҭк ала.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

1 / 13
ЕгрыГЕС адеривациатә тоннель аҵыхәтәантәи аремонт мҩаԥган 2006 шықәса рзы.
2 / 13
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани "Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы Михаил Логәуеи усутә ныҟәарыла ЕгрыГЕС иҟан.
3 / 13
Агәра ганы исҳәар сылшоит: ЕгрыГЕС аусура хацыркхоит мшаԥы 30-лаҵара 1 ауха ҳәа", - Леван иҳәеит Мебониа.
4 / 13
Аусура иалахәуп 550-ҩык аусуцәа, анџьнырцәа, аоператорцәа, атехникцәа.
5 / 13
ЕгрыГЕС адеривациатә тоннель аремонттә усурақәа аграфик иаԥнагоит.
6 / 13
Аус руоит 22 сааҭ уахи-ҽни, х-сменакны, ҩ-сааҭк аԥсшьара аамҭа рыманы.
7 / 13
Аремонт ашьҭахь иқәыргылахоит аӡы ахьыцәцо аҭыԥқәа узырбо алазертә рбагақәа.
8 / 13
Аусурақәа ирықәхарџьхоит 45 миллион евро, атоннель аремонт -8 миллион евро.
9 / 13
Аремонт ахьцо атоннель адиаметр 9,5 метра иҟоуп, аура –15,5 километра.
10 / 13
Аусурақәа аӡцарҭақәа цементдыркуеит, арматура иалху акаҭақәа абетон ала еибадыркуеит.
11 / 13
иуашәшәырҭо аҭыԥқәа рҿы аремонт ҟарҵоит, уи 3 километрк ыҟоуп
12 / 13
Аремонт ашьҭахь иқәыргылахоит аӡы ахьыцәцо аҭыԥқәа узырбо алазертә рбагақәа
13 / 13
Аӡы ахьацәцоз азы 250 миллион киловатт сааҭ ыӡуеит.