Арадио

Ажьиба еиҭеиҳәеит ацәаҳәа ҿыц алдараан афымцақәыӷәӷәара шаҟа илеиуа атәы

Мшаԥы 2 ауха Гәдоуҭа ахәҭак фымцалашарада иаанхеит. "Амшынеиқәафымцамч" Гәдоуҭатәи аҟәша анџьныр хада Денис Ажьиба арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит алашара арцәара зыхҟьаз, араион аҟны ацәаҳәақәа рыԥсахразы имҩаԥысуа аусурақәа ртәы.
Sputnik
Ажьиба еиҭеиҳәеит ацәаҳәа ҿыц алдараан афымцақәыӷәӷәара шаҟа илеиуа атәы

"Уажәтәи аамҭазы аусурақәа хыркәшоуп. Иаха асааҭ аказы еиԥш аҵла каҳан ҩ-фымцацәаҳәак ԥнаҵәеит. Абригада ашьыжь асааҭ 9 рзы еиԥш аҭыԥаҟны аусурақәа ирылагеит. Асааҭ 15 рзы ацәаҳәақәа шьҭырхит, ауаа алашара рырҭеит. Аусурақәа нарыгӡеит "Амшынеиқәафымцамч" аҟынтәи аусзуҩцәа, 110 нызқь иҟоу аҳауатә цәаҳәа амаҵ зуа", - иҳәеит Ажьиба.

Иара убасгьы дырзааҭгылеит араион аҟны афымцацәаҳәақәа рыԥсахразы имҩаԥырго аусурақәа ртәы.

Шәазыӡырҩы аудио.