Алаҵа "Спутник Лайт" аҿкычымазара зыхьуа рхыԥхьаӡара ҩынтәны еиҵанатәуеит

Алаҵа "Спутник Лайт" асхема лаҵак ауп иазыԥхьагәанаҭо, атәымцәеижьҿагылақәа аарԥшхоит аамҭа кьаҿла.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 4 – Sputnik. Алаҵа "Спутник Лайт" аҿкычымазара COVID-19 зыхьуа рхыԥхьаӡара ҩынтәны еиҵанатәуеит, абас аҳәамҭа ҟаиҵеит Гамалеи ихьӡ зху аепидемиологиеи амикробиологиеи НИЦ адиректор Александр Гинцбург. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Урыстәыла ашәҟәы иҭаргалеит алаҵа ҿыц "Спутник Лайт"

""Лайт" алаҵа ҩ-фазакны иҟоу алаҵа "Спутник V" еиҳа иԥсыҽу авариант ауп, иара ачымазара аиҵытәра иацхраауеит 50-60% рҟынӡа", - иҳәеит Гинцбург ателеканал "Россия 1" аефир аҟны.

Хәажәкыра 29 рзы Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра ашәҟәы иҭанагалеит Гамалеи ихьӡ зху аепидемиологиеи амикробиологиеи рмилаҭтә ҭҵааратә центр аҿы аус зыдулаз акоронавирустә инфекциаҟынтә алаҵа ҿыц "Спутник Лайт".

"Спутник Лайт" ала алаҵаҟаҵара ашьҭахь аиммунитет 4-5 мзы цәшәара амам, ашәарҭадарагьы 85% иҟоуп. Асхема лаҵак ауп иазыԥхьагәанаҭо. Убри аан алаҵа ззыҟаҵоу акоронавирус ихьыргьы ичымазара изшәарҭахаӡом избанзар авирус ирыԥҳақәа рахь илбааӡом.