Аԥсны Апарламент аилатәара, ЕгрыГЕС аусура: ииасыз амчыбжь афотосахьақәа рҟны

Sputnik

Аԥсназы ииасуа амчыбжь беиан ҳҭысла: хәажәкыра 31 рзы Аԥсны Апарламент аилатәара мҩаԥнагит, уаҟа 2021 шықәсазтәи абиуџьет апроект аднакылеит, Аԥсны Апарламент агәабзиарахьчара, аҵарадырра, аҭҵаарадырра, акультура, аспорт, асоциалтә маҵура аусхкқәа рҟны аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәа руалафахәқәа Урыстәыла ахьӡала рыцҵаразы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра аратификациа азнауит, иара убас Аԥсны закәаншьаҭада афымцамч ахархәаразы ахара дырӷәӷәеит. Амчыбжь анҵәамҭазы еилкаахит ЕрыГЕС аусура еиҭаналаго. Акультуратә ԥсҭазаараҿгьы ирацәан азҿлымҳара зуҭаша ахҭысқәа- Аԥсуа сахьаҭыхҩы Адгәыр Амԥар исахьақәа рцәыргақәҵа "Аамҭақәа рыбжьара" аартын, Гәдоуҭа иӡырган аҭоурыхҭҵааҩ Руслан Гәажәба ишәҟәы "Аԥсны - ҳаб игәара, ҳара ҳӡааӡаз - ҳан лгара…", Иван Папаскьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека шәышықәса ахыҵит.

Ажәакала, ирацәоуп амчыбжь аҩнуҵҟа имҩаԥысуаз ахҭысқәа, еиҳа иалкаахаз Sputnik афотосахьақәа рҟны.

1 / 24
ЕгрыГЕС аҩнуҵҟа.
2 / 24
Аконтеинермҩангага Ever Given Суецтәи аканал аҟны иқәханы иахьыҟаз аӡы ихырҵеит.
3 / 24
Палестинатәи адемонстрант израилтәи аҳәаахьчаҩ длеисуеит израилтәи аҳәааҟны Адгьыл амш аҳаҭыр азы имҩаԥгаз аҿагыларатә акциа аан Себастиа, Израиль аоккупациа зызнауз Мрагыларатәи аԥшаҳәаҿы.
4 / 24
Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламент адепутатцәа реилатәара.
5 / 24
Афранцыз полициауаа аҳаскьынраҿы итәагны зыԥсы зшьо ауаа ҭырҵаауеит. Париж, Франциа.
6 / 24
Ԥшәыма дызмам ацыгәқәа рхыҵакырҭа Ернесто. Идлиб, Шьамтәыла.
7 / 24
Афестиваль Холи аан индиатәи ахәыҷқәа аӡы еиқәырҭәоит. Џьамма, Индиа.
8 / 24
Аҭоурыхҭҵааҩ Руслан Гәажәба ишәҟәы "Аԥсны - ҳаб игәара, ҳзааӡаз - ҳан лгара" аӡыргараан.
9 / 24
Абнацәқәа шыҳәуа ирыхәаԥшуа ахаҵа. Ричмонд-парк, Лондон.
10 / 24
Автомобильқәа рпарк Oscar Myer Wienermobile аҟны зпатреҭ ҭызхуа аҭаацәа, Калифорниа.
11 / 24
Апарк Иуиуаньтань аҿы ишәҭны игылоу асакура аҿаԥхьа ауаа рпатреҭ ҭырхуеит ааԥынтәи афестиваль аан. Пекин.
12 / 24
Аероҭыхра абзоурала анышь ааигәара иӡысуа акит ахәа афотосахьа, Мексика.
13 / 24
Сынтәа 100 шықәса зхыҵыз Аԥсны Амилаҭтә библиотека аҿаԥхьа уи аусзуҩцәа.
14 / 24
Натан Меисон инеиқәырццакны иҟалаз аторнадоқәа ианду лыҩны иарҭаз аԥхасҭа заҟароу ҭиҵаауеит арыцҳара аныҟалаз адырҩаҽны. Урҭ аторнадоқәа Охатачи, Алабама аштат, ЕАА, инхоз гәыԥҩык ауаа рыԥсҭазаарақәа ҿахнаҵәеит.
15 / 24
Аԥсуа сахьаҭыхҩы Адгәыр Амԥар исахьақәа рцәыргақәҵа "Аамҭақәа рыбжьара".
16 / 24
Амодақәа рырбара аламҭалаз зыблахаҵ гьежьыз амодель, Севилиа, Испаниа.
17 / 24
Зхы ача ықәҵаны инеиуа аҷкәын. Кабула, Афганистан
18 / 24
Араӡын ԥшшәыла ишәу арԥарацәа. Џьакарта, Индонезиа.
19 / 24
Дмитри Ӷәазаа европатәи ачемпионат аҟны дықәгылоит Lamborghini дақәтәаны.
20 / 24
В. Познер Қарҭ иҿагыланы акциа амҩаԥгараан.
21 / 24
Ахра Аҩӡба иус азы аӡбарҭа аилатәара.
22 / 24
63 шықәса зхыҵуа аҿаҳа-дагәа Барселона амшын аԥшаҳәаҿы "амшынтә терапиа" асеанс дахысуеит.
23 / 24
Аҿагыларатә акциа алахәыла. Мианма, Иангон.
24 / 24
Аҟәа ақалақь агәаны аԥсшьаҩцәа.