Аԥсны Апарламент 2021 шықәсазтәи абиуџьет апроект аднакылеит

© Sputnik / Алексей Сухоруков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБанкноты номиналом 2000 рублей.
Банкноты номиналом 2000 рублей. - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.03.2021
Анапаҵаҩра
"Ареспубликатә биуџьет азы" азакәан апроект адепутатцәа аҩбатәи аԥхьарала ирыдрымкылацкәа иҟан, абиуџьет азы аилак ахь аус аиҭадуларазы иргьежьын.

АҞӘА, хәажәкыра 31 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Апарламент адепутатцәа ахԥатәи аҵыхәтәантәи аԥхьарыла ирыдыркылеит "2021 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет азы" азакәан апроект ҳәа аҭыԥ аҟынтәи иаалыцҳауеит Sputnik акорреспондент.

Апроект инақәыршәаны 2021 шықәсазтәи алагалақәа рыла аҳәынҭқарратә биуџьет ишьақәнартәоит 10 миллиардки 463 миллион мааҭ, аныхрақәа рыла – 11 миллиарди 255 миллион мааҭ. Аҳәынҭбиуџьет адефицит иартәоит 791 миллиони 758 нызқьмааҭ.

2021 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет азеиԥш хышәаҵышәа – 8 миллиардки 376 миллион мааҭ ыҟоуп, Урыстәылатәи афинанстә цхыраара – х-миллиардки 823 миллион мааҭ абрахь иналаҵаны, Аинвестпрограмма 2020-2022 шықәсқәа рызтәи - 1 350 000,0 мааҭ.

Ареспубликатә биуџьет азеиԥш ныхрақәа идыртәоит 9 167 784,2 нызқь мааҭ. Адефицит - 791 758 нызқь мааҭ ыҟоуп.

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Апарламент 2021 шықәсазтәи абиуџьет апроект аднакылеит
Аԥсны Апарламент 2021 шықәсазтәи абиуџьет апроект аднакылеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.03.2021
Аԥсны Апарламент 2021 шықәсазтәи абиуџьет апроект аднакылеит

Ихьыԥшым АИХқәа рыцхырааразы аныхрақәа ирыцҵоуп 3 600,0 нызқь мааҭ ҳәа.

Ирыцҵоуп амилаҭтә шәарҭадареи азинхьчаратә усуреи рзы аныхрақәа 2020 шықәсазтәи урыстәылатәи афинансцхыраара аҟынтәи 29 984, 4 нызқь мааҭ рхышәаҵышәала. Иара убасгьы ирыцҵоуп Аҵара аминистрра аныхрақәа – 1 314,3 мааҭ, акультура аминистрра аныхрақәа - 1,0 нызқь мааҭ аулафыхәы ашәаразы.

Ирыцҵоуп анаркологиатә диспансер аҿы амедхархәагақәа раахәаразы 9 000 мааҭи акоронавирустә инфекциа аҿагыларазы аныхрақәа ҳәа 10 000 мааҭи.

Очамчыра араион азы абиуџьетбжьаратә трансфер иацҵоуп 4000 мааҭ.

Ареспубликатә биуџьет аныхратә хәҭа иара убасгьы иазԥхьагәанаҭоит 126 004,0 нызқь мааҭ аркьаҿра. Аԥсны Афинансқәа рминистрра иадҳәалаз аԥарақәа, абиуџьет аусхк аҟны аусуҩцәа ркатегориақәак руалафахәы ацҵаразы ҳәа ишьақәыргылаз аҟынтәи 8,733% агырхоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәахтә лагалақәа азыԥхьаӡаны..

2021 шықәсазы Гагра араион алагалақәа идыртәоит 350 миллиони 611,2 нызқь мааҭ, аныхрақәа - 503 миллиони 452,1 нызқь мааҭ. Гәдоуҭа араион алагалақәа идыртәоит -241 миллиони 186, 4 нызқь мааҭ, аныхрақәа - 461 миллиони 323,6 нызқь мааҭ.

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Апарламент 2021 шықәсазтәи абиуџьет апроект аднакылеит
Аԥсны Апарламент 2021 шықәсазтәи абиуџьет апроект аднакылеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.03.2021
Аԥсны Апарламент 2021 шықәсазтәи абиуџьет апроект аднакылеит

Аҟәа араион алагалақәа идыртәоит 107 004,0 мааҭ, аныхрақәа -131 897,9 мааҭ. Гәылрыԥшьтәи араион алагала иартәоит 63 миллиони 742,7 нызқь мааҭ, аныхрақәа - 194 миллиони 446,4 мааҭ.

Очамчыра араион алагалақәа идыртәоит 115 миллиони 339 нызқь мааҭ, аныхрақәа – 261 миллиони 323 нызқь мааҭ.

Тҟәарчал араион алагалақәа – 20 миллиони 138 нызқь мааҭ, аныхрақәа - 192 миллиони 886 нызқь мааҭ.

Гал араион алагалақәа – 45 миллиони 528 нызқь мааҭ, аныхрақәа - 231 миллиони 819 нызқь мааҭ.

Аҟәа ақалақь алагалақәа миллиардки 141 миллиони 288 нызқь мааҭ, аныхрақәа –миллиардки 182 миллиони 288 нызқь мааҭ.

Араионтә биуџьетқәа рзеиԥш дефицит иартәоит 791 миллиони 758 нызқь мааҭ.

Ажәабжьқәа зегьы
0