Арадио

Касланӡиа Жәлар Реизара адепутатразы азакәан аԥсахрақәа рзы: макьана игазҽазуа игылоуп

Апрофессор, апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Алықьса Касланӡиа арадио Sputnik аефир аҟны игәаанагара иҳәеит Жәлар Реизара адепутатразы азакәан аԥсахрақәа ралагалара иазкны.
Sputnik
Касланӡиа Жәлар Реизара адепутатразы азакәан аԥсахрақәа рзы: макьана игазҽазуа игылоуп

Жәлар Реизара адепутатцәа актәи аԥхьарала ирыдыркылеит "Аԥсны Апарламент адепутатцәа ралхразы" азакәан ахь аиҭакрақәа. Урҭ инарықәыршәаны апарламент аҟны адепутатра азин роуеит аҳәынҭқарратә бызшәа здыруа, иреиҳау аҵара змоу, хәышықәса иреиҵамкәа аусутә џьашықәса змоу атәылауаа.

Шәазыӡырҩы аудио.