Арадио

Аҳәԥҳа Галтәи ашколқәа апандемиа аамҭазы: ихымԥадатәиу ала еиқәыршәоуп

Гал араион аҵара аусбарҭа аԥсуа бызшәа аметодист Ельмира Аҳәԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аҵара аминистрра ахаҭарнакцәа зҭааз ашколқәа, апандемиа аамҭазы аҵаратә процесс аиҿкаашьа атәы.
Sputnik
Аҳәԥҳа Галтәи ашколқәа апандемиа аамҭазы: ихымԥадатәиу ала еиқәыршәоуп

Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра ахаҭарнакцәа мышқәак раԥхьа Галтәи ашколқәа хәба рҿы аҵара апроцесс ацашьазы агәаҭарақәа мҩаԥыргеит. Араион аҟны ашколқәа 19 ыҟоуп.

"Иахәаԥшуан аҵаратә процесс шеиҿкаау, ахәыҷқәа ашкол ахь иныҟәо имныҟәо, арзҩыдаратә маҭәашьаркәа рыла ашколқәа шеиқәыршәоу. Ирбаз акы ргәы иамыхәо, иргәамԥхо ҳәа иҟамлаӡеит, избанзар ирымоу ахәыҷала ишақәнагоу аус еицыруеит арҵаҩцәеи ашколқәа реиҳабацәеи. Аҵара апроцесс азы ихымԥадатәиу ала иахьынӡалшо еиқәыршәоуп аклассқәеи ашколқәеи", - азгәалҭеит Аҳәԥҳа.

Шәазыӡырҩа аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: