Шәачатәи акваториаҿы антитеррористтә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥгахоит

Аконтртеррористтә ҽазыҟаҵарақәа рҟны иазыԥхьагәаҭоуп Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацәи Ареспублика Ҟрыми рҿы аҳәаахьчаратә усбарҭа, Урыстәыла ААР, Урыстәыла АҶА, Росгвардиа ралахәра.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 5 - Sputnik. Антитеррористтә ҵара-ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥгахоит Шәача, Амшын еиқәа акваториаҿы мшаԥы 8 рзы ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә аҿы аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.

Аконтртеррористтә ҽазыҟаҵарақәа рҟны иазыԥхьагәаҭоуп Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацәи Ареспублика Ҟрыми рҿы аҳәаахьчаратә усбарҭа, Урыстәыла ААР, Урыстәыла АҶА, Росгвардиа ралахәра.

Азинхьчаратә усбарҭақәеи аҷыдалатә хықәкы змоу аотриадқәеи рхаҭарнакцәа антитеррористтә операциа мҩаԥыргоит атеррористтә акт аԥырҟәҟәаарази, иара ахҟьаԥҟьақәа ралмыршарази аӡытә транспорт аобиектқәа рҿы. Аус рыдырулоит атеррористцәа рҿагыларатә маанақәа.

Амаҵзура ҷыдақәа аграждантә ӷбаҿы атеррористцәа иааныркылаз "атҟәацәа" рхы иақәиҭыртәроуп.

Ақалақь ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟарҵоит антитеррористтә уснагӡатә алахәылацәа иахәҭахар адгылара рырҭарц. Атеррористтә актқәа раԥырҟәҟәааразы атәылауаа ргәырҽанра, рыграждантә позициа, азинхьчаратә усбарҭақәа аус рыцура разыхира аҵак ду рыманы иҟоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: