Арадио

Кәыҵниаԥҳа: зегьы шьцылароуп, ахәыҷы ашәҟәы аԥхьара дашьцылар-даԥхьалоит

Иахьатәи аамҭазы ахәыҷы дхызхыша ашьцылара бааԥсқәа анырацәоу, иҟаҵатәузеи иара ашәҟәы аԥхьара бзиа ибартә еиԥш, абри азы лхатә ԥышәа атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит хҩык ахәыҷқәа ран Кама Кәыҵниаԥҳа.
Sputnik
Кәыҵниаԥҳа: зегьы шьцылароуп, ахәыҷы ашәҟәы аԥхьара дашьцылар-даԥхьалоит

"Аблогерцәа рыхәаԥшра, авидеохәмаррақәа, асоциалтә катақәа - ари зегьы ахәыҷқәа шьцыларак рызцәырнагоит. Ахәыҷы адыррақәа зегьы марианы ианиоулак, акы дамыԥхьакәа, иааимырҳәыкәа, уи шьцылара бааԥсхоит. Ари проблема дууп, нас иара аҵарагьы игәаԥхаӡом. Ари аҭаацәа ирдырырц ахәҭоуп. Ахәыҷы данысааӡо, саргьы аҭакԥхықәра сымоуп, саргьы сҽыԥсахны уи сазааины  сықәныҟәароуп. Аҭаацәа рхымҩаԥгашьагьы убри ахықәкы анагӡара иадҳәалазароуп. Сара исылсыршеит аҭаацәараҿы ахәыҷқәа рааӡараҿы ателербага ахәаԥшразы ҳәаак аԥҵара, аха уи мариам, ара ухы аус адулароуп акыр. Ахәыҷқәагьы зегьы еиԥшӡам, дыҟоуп аӡәы аҭҵаара бзиа избо. Ус еиԥш аҟыбаҩ ҷыда имоуп, егьы, ус иҟам изы, даршьцылатәуп. Аԥсҭазаараҿы зегьы шьцылароуп, ахәыҷы ашәҟәы аԥхьара дашьцылар, нас изымариахоит. Ахәыҷы ателевизор дашьцылар, нас ашәҟәы иадыртәаларагьы цәгьахоит ", - азгәалҭеит Кәыҵниаԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.