Атәыла ахада Sputnik аблала: Аслан Бжьаниа 58 шықәса ихыҵит

Sputnik

Аслан Гьаргь-иԥа Бжьаниа диит мшаԥы 6, 1963 шықәса рзы, Очамчыра араион Тамшь ақыҭан.

1991 -1992 шықәсқәа рзы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Гәдоуҭа ақалақь аҟны Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аусбарҭаҿы аус иуеит.

2010 – 2014 шықәсқәа рзы – Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы.

2014 шықәса нанҳәамзазы атәыла ахада иалхрақәа иҽрылаирхәит. 35% инеиҳаны алхыҩцәа рыбжьы ирҭеит.

2015 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра аоппозициатә мчқәа Рыблок ацхантәаҩыс дҟалоит.

2017 шықәса рзы Аԥсны Жәлар реизара VI ааԥхьара (2017-2022) адепутатс дҟалоит.

2020 шықәса хәажәкыра 22 рзы Аслан Бжьаниа алхыҩцәа рыбжьеиҳа иманы Аԥсны ахадас далырхуеит.

Урыстәыла ахада Владимир Путин Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа имшира идиныҳәалеит.

1 / 10
Аԥсны ахада Аслан Гьаргь-иԥа Бжьаниа мшаԥы 6 рзы 58-тәи имшира азгәеиҭоит.
2 / 10
Аслан Бжьаниа Аԥсны ахәбатәи хадоуп. Амчрахь днеит хәажәкырамза имҩаԥысуаз аиҭалхрақәа рҟны данаиааи ашьҭахь.
3 / 10
Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит мшаԥымза 23 рзы, Аҟәа. Уи аҽны инаркны атәыла ахада иаҳасабла инапынҵақәа рынагӡара далагеит.
4 / 10
Аслан Бжьаниа Атәыла ахада иаҳасабла раԥхьатәи ипресс-конференциа.
5 / 10
Апресс-конференциаҿы иазааҭгылоит актуалра зцу атемақәа, аха алафгьы аҭыԥ амоуп.
6 / 10
Аекономика, афымцалашара, аӡы, амҩақәа уҳәа ирацәоуп Атәыла ахада ииӡбо азҵаарақәа.
7 / 10
Аслан Бжьаниа 2015 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра аоппозициатә мчқәа Рыблок ацхантәаҩыс дҟалоит. 2017 шықәса рзы Аԥсны Жәлар реизара VI ааԥхьара (2017-2022) адепутатс дҟалоит.
8 / 10
Аԥсны жәлар рартист Хьыбла Гьерзмааԥҳаи Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи реиԥылараҟны.
9 / 10
Аслан Гьаргь-иԥа Бжьаниа диит мшаԥы 6, 1963 шықәса рзы, Очамчыра араион Тамшь ақыҭан.
10 / 10
Аслан Бжьаниа имшира идырныҳәалеит иколлегацәа, иҩызцәа, аполитикатәи-ауаажәларратәи усзуҩцәа.