Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ҳашба ақыҭаҿы анхаҩы ихы зланыҟәиго иазкны

Арҭ амшқәа рзы иҟалаз ахьҭақәа ишәҭхьоу ашәырҵлақәа анырра шрынаҭо атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Дранда ақыҭан инхо, анхаҩы Џьумка Ҳашба.
Sputnik
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ҳашба ақыҭаҿы анхаҩы ихы зланыҟәиго иазкны

"Ирацәаны ахшлыҵ ҳҭиуа арахә рбаразы аҭыԥ ҳамаӡам, амҩаду ҳазааигәоуп аҟынтә, исымоу рзы аҟашәа адәқьан аҟынтә иаахәаны иааганы ирҿаҳҵоит. Ахкаарақәа исымоу инҭаҵа-ааҭаҵо, ҳазхара ахш дара ирымҵуеит. Амхы ацәаӷәара макьана ҳаламгацт, аха иҳамоу адгьылтә ҭыԥ аҿы ашәыр еиҭаҳҳаит, егьырҭ иҳамаз ианаамҭаз иаҳхәышәтәит, еилҳаргеит. Ашәыр ҳамоуп ирацәаны, убри иаҳа еиӷьушәа ҳнапы алаҳкит. Уажәы арҭ амшқәа рзы иҟалаз ахьҭақәа ипытхьоу ашәырқәа ирԥырхагахоит ҳәа сгәы иаанагоит, аха макьана зынӡагьы икаԥсаны иҟам ашәҭқәа, иацәцар ауеит", - еиҭеиҳәеит Ҳашба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: