"Спутник V" Алада Африкатәи аштамм аҟынтә еиҳа ахьчаратә лшара амоуп Pfizer аасҭа

Америкатәи аҵарауаа ргәыԥ MedRxiv асаит аҟны иркьыԥхьит аҭҵааратә препринт. Уи инақәыршәаны урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" Алада Африкатәи аштамм аҟынтә еиҳа ахьчара лаҟәуп Pfizer аасҭа ҳәа иазырыԥхьаӡеит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 6 - Sputnik. Америкатәи аҵарауаа "Спутник V" Алада Африкатәи аштамм аҟынтә еиҳа ахьчара лаҟәуп Pfizer аасҭа ҳәа ирҳәо ҵаҵӷәыдоуп, алаҵа Pfizer аасҭа ари аштамм иаҿагылоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Гамалеи ихьӡ зху НИЦЕМ ахаҭарнак иажәақәа ҵаҵӷәыс иааго.

Алаҵа "Спутник Лайт" аҿкычымазара зыхьуа рхыԥхьаӡара ҩынтәны еиҵанатәуеит

"Иазгәаҭатәуп зыӡбахә ҳамоу аусумҭа арецензиатә процесс ишахымсыц, уи адагьы авторцәа хҩык рҟынтәи аӡәы иинтересқәа аҭыԥ рымоуп, Pfizer/BioNtech аконсультациатә хеилак алахәылак иҳасаб ала", - азгәаҭоуп адырраҭараҿы.

Аексперт иажәақәа рыла "Спутник V" хра змоу лаҵаны ахы аанарԥшит еиуеиԥшым аштаммқәа рганахь ала. Убри аан "лада Африкатәи аштамм аганахь алагьы Pfizer аасҭа акыр еиӷьуп.

"Спутник V" 59 тәыла, зуааԥсыра 1,5 миллиард иреиҳау рҟны ашәҟәы иҭагалоуп. "Спутник V" ашәарҭадара 91,6% иҟоуп.

Ацентр ахаҭарнак иажәақәа рыла Гамалеи ихьӡ зху Ацентр ахатә ҭҵаарақәа кьыԥхьхоит 2021 шықәса лаҵарамзазы.