Аахыҵ Уаԥстәыла: Қырҭтәыла лассы-лассы ареспублика аҳауатә ҵакыра еиланагоит

Ареспублика аҵакыра ахыԥраара еиҳа ирацәахеит 2019 шықәса абҵара 8 рзы Қырҭтәыла Европатәи авиациатә зеиԥштә ҵакыраз (European Common Aviation Area) аиқәшаҳаҭра ианалала ашьҭахь.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 6 - Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла акомпетенттә усбарҭақәа аҳәамҭа ҟарҵеит 2021 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны мшаԥы 4 рҟынӡа ареспублика аҳауатә ҵакыраҿы ишазгәаҭаз аҳәаанырцә ҳауатә ӷбақәа рхаԥырра 133 хҭыс. Абри атәы аанацҳауеит ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

Ажьырныҳәамзазы иазгәаҭан 35 хҭыс, жәабранмзазы – 69, хәажәкырамзазы – 28, мшаԥымзазы – 1.

Ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистрра агәҭынчымра аанарԥшуеит арҭ ахаԥыррақәа атәыла ашәарҭара иҭанаргылоит ҳәа иазшьаны.

Ареспублика аҵакыра ахыԥраара еиҳа ирацәахеит 2019 шықәса абҵара 8 рзы Қырҭтәыла Европатәи авиациатә зеиԥштә ҵакыраз (European Common Aviation Area) аиқәшаҳаҭра ианалала ашьҭахь.

Цхинвал Қырҭтәыла алаҵаҟаҵараҿ ацхыраараз аҳәамҭа амҵақьақьароуп ҳәа ахырҳәааит

Ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҿы иазырыԥхьаӡоит Қырҭтәыла аиқәшаҳаҭра политикатә инструментк аҳасаб ала ахы ианархәоит изакәаным аҭахрақәа рыриашаразы ҳәа.

Адәныҟаполитикатә усбарҭаҿы Аахыҵ Уаԥстәыла ихьыԥшым суверентә ҳәынҭқарроуп, Қырҭтәыла иахәҭакым, аиқәшаҳаҭрагьы иалахәым ҳәа рҳәоит. Атәыла аҵакыра ахыԥраарагьы асуверинитет аилагара акәны иахәаԥшуеит.

Нанҳәа 26 2008 шықәсазы Қырҭтәыла Цхинвал ианақәла ашьҭахь Урыстәыла Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни азханаҵеит. Қырҭтәыла арҭ ареспубликақәа рхьыԥшымра азханаҵом.