Аҵыхәтәантәи хәымз рыҩныҵҟа адоллар 78 мааҭ иахысит

Адоллар 2020 шықәса абҵара хәбатәи амаксимум иахысны 78,8 мааҭ еиҳахеит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 7 - Sputnik. Адоллар 70 копеи ацланы аҵыхәтәантәи хәымз рыҩныҵҟа 78 мааҭ иахысит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Уаҵәазтәи" аԥхьаӡарақәа рыла амааҭ аганахь ала адоллар акурс Москватәи абиржа иаку ахәаахәҭратә сессиаҿы ахаша, асааҭ 11:30 рзы 1,3928 мааҭ ацланы 77,7730 мааҭ артәеит", - азгәанаҭоит абиржа адырраҭара.

Аҩашаҽны адоллар 77 мааҭ иахысит.

Евро иахьа 92 мааҭ еиҳахеит.