Шоигу Урыстәыла архәҭақәа шгәаҭахо азы аҳәамҭа ҟаиҵеит

Ар рыхиара гәаҭахоит арратә округқәа зегьи, Аҩадатәи афлоти, Аҩада хара араионқәеи, Курилтәи адгьылбжьахақәеи, Камчаткеи рҵакырақәа рҿы.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 6 – Sputnik. Урыстәылатәи арратә мчқәа рҿы иалагеит ар разыҟаҵара агәаҭара, иҳәеит Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Ар атактикатәи, атактика-ҷыдатәи, ҩ-ганктәии аҵара ҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгаразы аполигонқәа рахь инеиит", - иҳәеит аминистр аселектортә еилацәажәараҟны.

Шоигу адҵа ҟаиҵеит арратә ешелонқәеи арратә техникеи рныҟәараан ршәарҭадара ахылаԥшра ҳарак мҩаԥгазарц.

Мшаԥымза иалагӡаны имҩаԥгахоит 4048 ҽазыҟаҵара: 812 ҩ-ганктә, 101 аполигонқәа рҿы, 520 аҵара-материалтә база аобиектқәа рҿы ҳәа рҳәеит аминистрраҿы.

"Агәаҭарақәа ирхысуеит архәҭақәа зегьы", - рҳәоит аминистрраҟны.

Аштаб хада акомиссиа имҩаԥнагоит агәаҭарақәа Мрагыларатәи арратә округ аполигонқәа Цуголи Сергеевски рҿы. Егьырҭ аокругқәеи Аҩадатәи афлоти рҿы агәаҭарақәа напхгара рырҭоит ар ркомандаҟаҵаҩцәа.