Мшаԥы 11 рзы аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарахь адепутатцәа ралхразы Аԥсны абжьыҭара мҩаԥгахоит. Азакәан инақәыршәаны депутатс далхзар алшоит 25 шықәса зхыҵыз дарбанзаалак Аԥсны атәылауаҩ. Зус рыӡбахьоу адепутатс дҟалар ауам, иара убасгьы анаркологиатәии апсихоневрологиатәии диспансерқәа рҟны иҭаҩу, анаркоманцәеи атаксикоманцәеи арахь иаҵанакуа.
"Алхрақәа жәамш шагу икыдзароуп алхыҩцәа рсиа, уи аҩныҵҟатәи аусқәа аминистрра иатәу апаспортә визатә ҟәша аҟынтә ақалақь ахадарахь иаарышьҭроуп, ҳара аарлаҳәа иацоуп ианыҟаҳҵа, абри аус ианаамҭоу ианаламга аиҿкаара иагхоит. Ас еиԥш уажәраанӡа ҳаиҵамхыцазт, аха уаҳа заа изалмыршахеит. Пицунда ԥшьҩык акандидатцәа ықәгылоуп, алхырҭатә ҭыԥк аҟынтә ицоит ҩыџьа, егьырҭ рҟнытә аӡәа-аӡәа", - еиҭеиҳәеит Габуниа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: