Аҽазыҟаҵарақәа раан Урыстәыла Каспитәи афлотилиа аӷбақәа Амшын еиқәахь иианагоит

Урыстәылатәи арратә мчқәа рҿы изаамҭанытәиу аплантә ҽазыҟаҵарақәа ирылагеит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 9 - Sputnik. Аҽазыҟаҵарақәа раан Урыстәыла жәаба инареиҳаны Каспитәи афлотилиа аӷбақәа Амшын еиқәахь иианагоит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура аиҳабы, аполковник Вадим Астафьев. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Шоигу Урыстәыла архәҭақәа шгәаҭахо азы аҳәамҭа ҟаиҵеит

"Аӡынтәи аамҭазтәи агәаҭарақәа раан Аладатәи арратә округ Каспитәи афлотилиа иатәу адесанттәии артиллеристтәи катерқәеи, аӷбақәеи жәаба рҟынӡа Каспитәи амшын аҟынтәи Амшын еиқәахь ииасуеит. Иахьгылоу ақалақь Махачкала ианықәҵуа аекипажқәа аус адыруылеит абазатә ҽазыҟаҵаратә цикл", - аҳәоит Аладатәи аокруг апресс-маҵзура.

Аплан инақәыршәаны Каспитәи афлотилиа аекипажқәеи Амшын еиқәа афлот аӷбақәа рекипажқәеи рхы аладырхәуеит амшынтә азшьатә ҵара-ҽазыҟаҵарақәа.

Амшынтәи аҳауатәи десант рхьацара ишазыхиоу агәаҭаразы аҽазыҟаҵарақәа ирыдыԥхьалоуп Каспитәи афлотилиа аекипажқәеи Амшын еиқәа афлот аекипажқәеи, Аладатәи аокруг акомандаҟаҵаҩ Александр Дворников идҵала.

Аладатәи аокруг ар аӡынтәи аҵара-ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит ишьақәырӷәӷәоу 2021 шықәсазтәи аплан инақәыршәаны. Агәаҭарақәа ирхыжьхоит  Урыстәыла Арбџьартә мчқәа рырхәҭақәа зегьы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: