Британиатәи акралԥҳәыс Елизавета II лыԥшәма иԥсҭазаара далҵит

2021 шықәса рашәара жәаба рзы апринц Филипп шәышықәса ихыҵуазаарын.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 9 - Sputnik. Британиатәи акралԥҳәыс Елизавета II лыԥшәма агерцог Единбургтәи Филипп 100-шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит ҳәа аанацҳауеит Букингемтәи ахан Twitter аҟны.

"Лара лаҳаракыра акларԥҳәыс гәалсра дула адырра ҟалҵоит лыԥшәма агерцог Единбургтәи Филипп 100-шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара дшалҵыз азы", - аҳәоит адырраҭараҿы.